Урыстәыла АдәАР урыстәылауаа адырра рынаҭоит Ирани Израильнтәии алҵраз мҩақәас иҟоу рзы
18:44 01.03.2026 (ирҿыцуп: 20:42 01.03.2026)

© Sputnik / Наталья Селиверстова
/ Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 1 — Sputnik. Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра урыстәылауаа адырра рынаҭоит Ирани Израильи рҟынтәи алҵраз иҟоу амҩатә хырхарҭақәа рзы.
Иранынтәи аурысцәа амҩа иқәлар рылшоит Азербаиџьанантәи "Астара" аҳәаа иахысны, мамзаргьы Ермантәыла (аушьҭырҭатә ҭыԥ "Нурдуз"/"Агарак") ала.
"Асҭара" аҳәаа ахысразы, Тегеран иҟоу Урыстәылатәи Ацҳаражәҳәарҭахь заанаҵ аҳәара нашьҭтәуп ак. почта rusembiran@mid.ru ала, мамзаргьы аҭагылазаашьатә еимадара аҭел ала ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра.
Израильынтәи аара ҟалоит зҳәаақәа еиду Мсра (агәаҭара-аушьҭырҭатә ҭыԥ "Менахем Бегин"/Таба) мамзаргьы Иорданиа (агәаҭара-аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ацҳа Алленби"/"Акрал Хусеин") аҟнытә.
Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра абжьгарақәа ҟанаҵоит аимак ахьыҟоу аҭыԥқәа рҿы иҟоу урыстәылауаа агәҽанызаара ӷәӷәа рымазарц, ршәарҭадаразы абжьгарақәа ирықәныҟәарц.
Егьырҭ арегионқәа рҟынтәи атранзиттә хабқәа рыла аныҟәара азы еиҳаны адыррақәа рыԥшаара алшоит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә даҟьаҿы.