00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
30 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
4 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
30 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Такие обстоятельства
Куда движется мир? Разговор с политологом
14:33
2 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы ажрақәа: археолог иҿцәажәара
18:19
13 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ихадоу атемақәа

Ихадоу атемақәа
Анапаҵаҩра
"Аԥснытәи аихамҩа" хәышықәса рыла абиуџьети абиуџьетнҭыҵтәи афонди ирыланагало аԥара 2,5-нтә еизҳаит.Аԥарашәара аизҳара зыдҳәалоу иаланагало ахашәалахәы ашьҭыҵра ауп ҳәа аанацҳауеит Аԥснытәи аихамҩақәа.2021 шықәсазы иаазакны ишәаз 31,8 миллион мааҭ ыҟазҭгьы, 2025 шықәсазы уи 78,8 миллион мааҭ рыла еизҳаит.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Мрагылара Ааигәа иҟоу ҳтәылауаа рахь абжьгара ҟанаҵоит иахьыҟоу аҭыԥ азы аусбарҭахь адырра ҟарҵарцаз. Аофициалтә канал аҿы иркьыԥхьит аимадаразы аҭелқәа: +7 940 927-26-28; +7 940 999-00-01. Уи адагьы, Аԥсны атәылауаа иаҭаххан иҟалар Урыстәылатәи Афедерациа аконсултә усбарҭақәа рыҽрымадара рылшоит ҳәа азгәанаҭоит адәныҟаполитикатә усбарҭаҿы.Аҭагылазаашьа аицәахара инамаданы, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра атәылауаа рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ргәарҽанызарц, рыуацәеи дареи аимадара рыбжьазарц, арегион иаҵанакуа атәылақәа рахь аныҟәарақәа згәы иҭоу ашәарҭарақәа ирызхәыцырц.
300 тонна инеиҳаны амимоза аԥснытәы аҳәаа иахыргеит жәабранмза инаркны. Иацтәи амш иалагӡаны Урыстәылаҟа иахыргеит хә-тоннак ашәҭ ҩеижьқәа ҳәа аанацҳауеит Шәачатәи аҳазалхырҭа. Ашәҭқәа аҳәаа иахыргалоит амза аҽеиҩшамҭанӡа. Амимоза Шәачантәи Урыстәыла арегионқәа зегьы рахь инагахоит.2025 шықәсазы Аԥснынтәи Урыстәылаҟа иахыргеит 400 тонн амимоза.
РУСДРАМ ахаҭарнакцәа Шәача имҩаԥысуаз Алада афедералтә округ атеатралтә форум иалахәын ҳәа арадио Sputnik аефир аҿы илҳәеит атеатр актриса Милана Ломиаԥҳа. Илҳәеит афорум иаҭааз атеатрқәа рнапхгаҩцәеи, актиорцәеи, арежиссиорцәеи, атехника аусзуҩцәеи дареи еицәажәартә алшара шроуз."Акырӡа аҵанакуеит урыстәылатәи атеатрқәа рҟынтәи ҳколлегацәа рабадырра, аҟазара алацәажәара, агәаанагарақәа реибыҳәара. Афорум аҟны иҳауз аԥышәа аԥхьаҟа РУСДРАМ аҿы ҳусура ианыԥшуеит", — ҳәа азгәалҭеит лара.
Хәажәкырамза актәи азбжазы Аԥсны иахьаҵанакуа аԥсҭҳәақәа хызаауеит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит аҳауагәаҭаҩ Асида Ахсалԥҳа.Иара убасгьы иазгәаҭоуп еиуеиԥшым аҳауатә лышәшәарақәа рыҟалара, аха урҭ аҭагылазаашьа бааԥсқәа рахь икылыргом ҳәа лҳәеит аспециалист. "Ари амза аҳауатә уаргьала аныԥшуеит — иаалырҟьаны аҳауа ашьҭыҵреи алаҟәреи хәажәкырамза зегьы иазҷыдарахоит. Актәи азбжазы асеиԥш иҟоу аҭагылазаашьа хәажәкыра 4 анахыс иубалоит", — ҳәа адырра ҟалҵеит Ахсалԥҳа. Хәажәкыра 8 рзы амш шәшьуеит, аамҭа-аамҭала еилгоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0