Аԥсны аҳәынҭқарра-зинтә механизм аԥсахрақәа алагалара хымпдатәиуп иҳәеит Қьецба
13:53 03.03.2026 (ирҿыцуп: 17:37 03.03.2026)

CC0 / /
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 3 — Sputnik. Аԥсны аҳәынҭқарра-зинтә механизм аԥсахрақәа алагалара хымпдатәиуп иҳәеит Ауаажәларратә палата алахәыла Ҭамаз Қьецба.
Ауаажәларратә палата имҩаԥнагараны иҟоу ауаажәларратә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны, иахьа Аԥсны аминистрцәа реилазаараҿы иаатит "Аполитикатә система ареформа – иҭышәынтәалоу аҳәынҭқарра иашьаҭоуп" захьӡыз астол гьежь.
Астол гьежь иалахәуп Жәлар Реизара адепутатцәа, анагӡаратә мчра ахаҭарнакцәа, аӡбарҭатә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа, ауаажәларратә хеилакқәеи апартиақәеи рлахәылацәа, аҭыԥантәи алхрақәа рдепутатцәеи ауаажәларратә усзуҩцәеи.
Қьецба иазгәеиҭеит ареформақәа руак Ауаажәларратә палатаҿы ишаздырхиаз. Уи иазгәанаҭоит — Аминистрцәа реилазаара алахәылацәа рышьақәырыӷәӷәара Апарламент ақәшаҳаҭрала имҩаԥысларц. Уажәы адепутатцәа анапхараҿы иҟоу ачынуаа рганахьала агәрамгара аадрыԥшыр рылшоит, аха аҵыхәтәантәи аӡбамҭа здызкыло атәыла ахада иоуп.
Уи адагьы, иазырхиоу аконцепциаҿы иарбоуп — атәыла ахада алшара иҭара Жәлар Реизара адепутатцәа рзинмчқәа заанаҵы аанкылара, алхратә система апропорционалтә аҟынтәи амажоритартә системахь аԥсахра.
Афорум "Аиҿцәажәара. Аиқәшәара. Аҿиара" мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 азы. Уи аԥхьа адемографиатә зҵаарақәа, асоциал-економикатә ҿиара, аполитикатә реформақәа ирызку х-стол гьежьк еиҿнакааит Аԥсны ауаажәларратә палата.