Есышықәса Аԥсны иаҭаауеит миллионбжак иреиҵамкәа ҽнактәи атуристцәа
14:17 03.03.2026 (ирҿыцуп: 17:35 03.03.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 3 — Sputnik. Есышықәса Аԥсны иаҭаауеит миллионбжак иреиҵамкәа ҽнактәи атуристцәа ҳәа азгәеиҭеит атуризм аминистр Асҭамыр Логәуа.
Акурорттә аамҭа аҽазыҟаҵара иазкыз аилатәараҿы ирылацәажәеит 2026-2027 ашықәсқәа рзы еиҭашьақәыргылахо ААҬ "Адлер" азҵаарақәа.
Ари аамҭазы атуристцәа аҳәаа рахысразы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа рзаԥҵара хымԥадатәиуп ҳәа азгәеиҭеит Логәуа.
Иара убас, аилатәара алахәылацәа ААҬ "Ԥсоу" иаԥну аҭыԥ арыцқьара, азинхьчаратә уснагӡатәқәа рырӷәӷәареи, атауар хаҭалатәи аныҟәгаҩцәа русура арманшәалареи рзы алшарақәа ирылацәажәеит. Аилатәараҿы ҷыдала иазааҭгылеит адронқәа ржәылараан аҳәаа аусушьеи атәылауаа ршәарҭадареи ртәы.