"Адлер" аиҭашьақәыргыларатә усурақәа Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа шьапыла иахысуа ирԥырхагахом
14:40 03.03.2026 (ирҿыцуп: 17:35 03.03.2026)

© Foto / ФТС России | ProТаможню
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 3 — Sputnik. Аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аиҭашьақәыргыларатә усурақәа Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа шьапыла иахысуа ирҧырхагахом, абри атәы иҳәеит АҬ "Ԥсоу" аиҳабы Вадим Папцаа.
Иара иажәақәа рыла, аусурақәа рхырқәшара 2027 шықәсазы иазыԥҵәоу аҿҳәара еиҭаҵыр алшоит.
Аиҳарак аиҭашьақәыргылара анырра рнаҭоит амашьынақәеи аидарамҩангагатә транспорти роушьҭырҭатә ҭыԥқәа, избанзар цәаҳәак арктәхоит.
"Адлер" — Урыстәылеи Аԥсни рҳәааҿы аушьҭырҭатә ҭыԥ заҵәыкны иҟоуп, Урыстәыла зегьы аҿы реиҳа аидара иаҵоуп. 2024 шықәсазы уи иахысит 3 млн рҟынӡа машьына. Аусурақәа анхыркәшахалак ашьҭахь, АҬ аушьҭратә лшара иазҳауеит жәантә рҟынӡа.