Урыстәылатәи атуристцәа 1500-ҩык рҟынӡа Мрагылара Ааигәантәи атәылақәа рҟынтә ихынҳәхьеит
16:14 03.03.2026 (ирҿыцуп: 17:25 03.03.2026)

© Sputnik / Максим Блинов
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 3 — Sputnik. Урыстәылатәи атуристцәа 1500-ҩык рҟынӡа Мрагылара Ааигәантәи атәылақәа рҟынтә ихынҳәхьеит ҳәа ааицҳаит Урыстәыла атуристцәа рассоциациа (АТОР) Жәларбжьаратәи атуризм азы апрезидент ихаҭыԥуаҩ Артур Мурадиан.
Ашәахьа ахәылбыҽха Абу-Дабитәи аҳаиртә ԥырра аанкылара ашьҭахь раԥхьатәи аҳаирплан "Шереметиево" аҳаирбаӷәазаҿы итәеит. Уахынлан Flydubai акомпаниа иатәу даҽа ԥшь-реиск Москва, Екатеринбург, Казан, Новосибирскҟа иааит. Иара убас — омантәи Маскат ақалақь аҟынтәи реиск.
Мурадиан иазгәеиҭеит Дубаинтәи аҳаирбаӷәазақәа рҿы аамҭа-аамҭала аҳаиртә ҭыԥқәа ахьадыркуа иахҟьаны аиҭакрақәа шымҩаԥысуа. Иазгәаҭоу аԥыррақәа зегьы рышьҭахь, аҩашаҽны 2000-ҩык рҟынӡа ауаа Урыстәылаҟа ихынҳәуеит.
Америка-израильтәи аибашьратә операциа "Эпическая ярость" Иран иаҿагыланы имҩаԥысуеит жәабран 28 раахыс. Исламтәи аҳәынҭқарра аҭакс Мрагылара Ааигәатәи атәылақәарҿ америкатәи арратә базақәеи Израильи ирылахысуеит.