Хәытаба: Жәлар Реизара адепутатцәа русура ахаҭабзиара еиӷьтәтәуп
17:21 03.03.2026 (ирҿыцуп: 17:39 03.03.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 3 — Sputnik. Жәлар Реизара адепутатцәа русура ахаҭабзиара еиӷьтәтәуп ҳәа иԥхьаӡоит Дауҭ Хәытаба.
Астол гьежь "Аполитикатә система ареформа — аҳәынҭқарра иҭышәынтәалоу аҿиара иашаьгәыҭуп" аҟны, VI ааԥхьара адепутатцәа адепутатрахь акандидатцәа иреиҳаӡоу аҵарадырра рымазароуп ҳәа алхрақәа рзы азакәан ариашарақәа шаларгалаз ргәалаиршәеит иара.
Уажәы Апарламент VII ааԥхьара абри ахырхарҭала аусура иацнаҵоит, аилак ақәратә ҳәаа ашьҭыхразы азакәан апроект иахәаԥшхьеит.
Уи адагьы, актәи аԥхьарала — акандидатцәа аџьашықәс рымазаара азгәазҭо азакәан апроект рыдыркылеит.