Алиас Аҩӡба апроект Адырра.Апремиа 2025 аҟны аиааира игеит
18:34 03.03.2026 (ирҿыцуп: 21:00 03.03.2026)

© Foto
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 3 — Sputnik. Алиас Аҩӡба апроект Адырра.Апремиа 2025 аҟны аиааира игеит.
Аҩӡба "Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рфырхаҵарақәа ргәалашәара аиқәырхараҿы илагалазы" аноминациаҿы далкаан.
"Сара сыԥсҭазаараҿы акыр сылсыршазар, уи уеизгьы-уеизгьы абзиабара сылазҵаз сыжәлар ирыбзоуроуп. Убри аҟнытә, азин сышәҭозар, ари аҳамҭа Сыԥсадгьыл иқәынхо сыжәлар хәыҷы, милаҭрацәала еиларсу Аԥсны жәлар ирзыскуеит", — иҳәеит Аҩӡба.
Алиас Аҩӡба — аинтербригада "Пиатнашка" адҵаҟаҵаҩ ихаҭыԥуаҩ, Урыстәыла аҵара аминистр иабжьгаҩ, урыстәылазегьтәи апроект "Уара Уфырхаҵа" анапхгаҩы.