Урыстәыла зус ӡбоу Аԥсны атәылауаҩ иҭакра шықәсқәа ихгаразы ареспубликахь дааргеит
20:09 03.03.2026 (ирҿыцуп: 20:54 03.03.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 3 — Sputnik. Урыстәыла зус ӡбоу Аԥсны атәылауаҩ иҭакра шықәсқәа ихгаразы ареспубликахь дааргеит.
Д. Р. Барганџьиа закәаншьаҭада анаркотикқәа реикәыршаразы урыстәылатәи аӡбарҭаҿы иус рыӡбахьеит, иара иҟаиҵаз аҳәара инақәыршәаны, уи иқәҵоу ахьырхәра иԥсадгьыл аҿы ихигоит ҳәа аанацҳауеит Апрокуратура хада.
Азыҳәа иахәаԥшит, иагьақәшаҳаҭхеит аҩтәылак рзинхьчаратә усбарҭақәа. Азыҳәа нагӡоуп Аԥсни Урыстәылеи 2015 шықәса лаҵара 28 раахыс ирыбжьоу аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны.