Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи рҟынтәи Ауаажәларратә палата алахәылацәа рсиа шьақәырӷәӷәоуп
22:06 03.03.2026 (ирҿыцуп: 10:04 04.03.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 3 — Sputnik. Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи рҟынтәи Ауаажәларратә палата алахәылацәа рсиа шьақәырӷәӷәоуп.
Аҟәатәи ақалақьтә Еизара — Леонид Осиеи Лана Цаавеи,
Аҟәа араионтә Еизара — Алхас Ҭарба,
Афонҿыц ақалақьтә Еизара — Витали Смыр,
Гәдоуҭа араионтә Еизара — Асҭамыр Ахба,
Пицунда ақалақьтә Еизара — Форд Чычба,
Гагра араионтә Еизара — Дауҭ Агрба,
Гәылрыԥшь араионтә Еизара — Гәында Ҳаразиа,
Тҟәарчал араионтә Еизара — Даур Минџьиа,
Гал араионтә Еизара — Ҭенгьыз Инал-иԥа.
Аԥсны Ауаажәларратә палата 35-ҩык рыла ишьақәгылоуп. Урҭ рҟынтәи 13-ҩык атәыла ахада ишьақәирӷәӷәоит, 11-ҩык араионқәеи ақалақьқәеи ӡырыргоит, даҽа 11— аиустициа аминистрраҿы ашәҟәы иҭагалоу аполитикатә партиақәеи, ауаажәларра-политикатә еилакқәеи, ауаажәларратә хеидкылақәеи рхаҭарнакцәа.
