Идырым асолдаҭ ибаҟа шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара иалагеит Аҟәа, Диоскураа рыԥшаҳәаҿы
11:28 04.03.2026 (ирҿыцуп: 12:16 04.03.2026)

© Sputnik / Марианна Кубрава
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 4 — Sputnik. Идырым асолдаҭ ибаҟа шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара иалагеит Аҟәа, Диоскураа рыԥшаҳәаҿы.
Аргылаҩцәа аусурақәа ирылагахьеит, аиҭашьақәыргылара мҩаԥысуеит Аҟәа амшынԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳәа иҳәеит аҳҭнықалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Константин Ҭарба.
"Аҵыхәтәантәи ажәашықәсақәа ирылагӡаны абаҟа ас еиԥш инарҭбаау аиҭашьақәыргылара иахымсыцызт. Апостамент аҿы аграниттә қәҵа ԥсаххоит, иқәыргылахоит наӡаӡатәи амцахь агаз анашьҭразы иҷыдоу амаругақәа. Ҳара ҳзы ари абаҟа аиҭашьақәыргылара аҵак ду амоуп, избанзар, Аԥсны ҳаҭыр рықәырҵоит афашизм аҿагылараҿы иҭахаз афырхацәа", — иҳәеит Ҭарба.
Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рхыркәшара азгәаҭоуп Аиааира Амш — лаҵара 9 рзы ҳәа азгәеиҭеит Ҭарба.
Идырым асолдаҭ — Кавказ ахьчаҩ ибаҟа ргылан 1965 шықәса рзы, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны игаз Аиааира 20 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы. Аскульптура заҳәа лазырҟәыз асовет еибашьҩы ихаҿсахьа аанырԥшуеит — аибашьра ахыркәшара иасимволуп.