Аԥсны раԥхьатәи ахадацәа ргәалашәара иазку ацәыргақәҵа аатит Аҟәа
12:48 04.03.2026 (ирҿыцуп: 13:29 04.03.2026)

© Screenshot
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 4 — Sputnik. Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынбеи Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшьи ргәалашәара иазку ацәыргақәҵа аатит Аибашьратә фырхаҵара амузеи аҟны.
Аекспозициаҿы ицәыргоуп амузеи архив аҟынтәи 80 рҟынӡа фотоҭыхымҭа.
Амузеи адиректор лхаҭыԥуаҩ Вадим Аргәын Sputnik ишазеиҭеиҳәаз ала, ицәыргақәҵоу Арӡынбеи Багаԥшьи рфотосахьақәа ҭыхуп рыԥсҭазаара еиуеиԥшым аамҭақәа рзы — ианыхәыҷқәаз, ианқәыԥшқәаз, ианстудентыз, аус аныруаз, аофициалтә ныҟәарақәа раан, иара убас рҭаацәеи рҭынхацәеи ирыцны.
Ацәыргақәҵа аартуп хәажәкыра 13 рҟынӡа.
Иара убас амузеи аҿы иддырбоит адокументалтә фильм "Владислав Арӡынба. Аиааиҩы идрама".