https://sputnik-abkhazia.info/20260304/1061443530.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Бадра Гәынба Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба Алада Ешыра иҳаҭгәынаҿ ашәҭқәа шьҭеиҵеит. Уи ашьҭахь Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь анышә дахьамадоу... 04.03.2026, Sputnik Аҧсны
2026-03-04T18:01+0300
2026-03-04T18:01+0300
2026-03-04T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/03/04/1061443364_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_0a2c5b454bf232aa2897e17d215809ae.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Бадра Гәынба Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба Алада Ешыра иҳаҭгәынаҿ ашәҭқәа шьҭеиҵеит. Уи ашьҭахь Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь анышә дахьамадоу Џьгьарда иҳаҭгәынаҿ днеит ашәҭқәа шьҭеиҵеит.Ацеремониа рхы аладырхәит аҳәынҭқарра ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, аԥыза-министр Владимир Делба, Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Жәлар Реизара адепутатцәа, Атәыла анапхгара аусзуҩцәа, ауаажәларра.
Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынбеи Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшьи ргәалашәара иазку ацәыргақәҵа аатит Аибашьратә фырхаҵара амузеи аҟны.Аекспозициаҿы ицәыргоуп амузеи архив аҟынтәи 80 рҟынӡа фотоҭыхымҭа. Амузеи адиректор лхаҭыԥуаҩ Вадим Аргәын Sputnik ишазеиҭеиҳәаз ала, ицәыргақәҵоу Арӡынбеи Багаԥшьи рфотосахьақәа ҭыхуп рыԥсҭазаара еиуеиԥшым аамҭақәа рзы — ианыхәыҷқәаз, ианқәыԥшқәаз, ианстудентыз, аус аныруаз, аофициалтә ныҟәарақәа раан, иара убас рҭаацәеи рҭынхацәеи ирыцны. Ацәыргақәҵа аартуп хәажәкыра 13 рҟынӡа.Иара убас амузеи аҿы иддырбоит адокументалтә фильм "Владислав Арӡынба. Аиааиҩы идрама".
Ақыҭанхамҩа аминистрра апроектқәа рзы асубсидиа ахьрыдыргало анализ ҟаҵатәуп ҳәа иԥхьаӡоит аусдкылаҩ Генрих Ҭыжәба, Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара альготтә кредитҟаҵара апрограмма ҿыцқәа рылшарақәа ртәы дазааҭгыло."Асубсидиа ахьыҟоу мацара аминистрра иадыргало апроектқәа зегьы анҵәамҭаҿы аманшәалара ацӡам, убри азы анализ ҟаҵатәуп. Асубсидиа рыҭараан аццакра аҭахӡам, ииашаҵәҟьаны аус зурц зҭаху, Аԥсны аекономика иацхраарц зҭаху алшара рыҭатәуп", — иҳәеит Ҭыжәба.
Аԥсны афымцамч ахархәаразы ашәарақәа реизгара 65% рҟынӡа реизырҳара иазыԥшуп ашықәс анҵәамҭазы ҳәа еиҭеиҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" аиҳабы Ҭемыр Џьынџьал, ателеканал "Абаза-ТВ" аинтервиу аҭо.Иара иажәақәа рыла, арҭ арбагақәа алыршахеит афымцамчԥхьаӡагақәа рықәыргалара иабзоураны. 2025 шықәсазы 53-54% ҳәа аԥарашәара еизнарҳаит . Сынтәа еиҳагьы аизҳара ҳазыԥшуп", — азгәеиҭеит иара.
Урыстәыла зус ӡбоу Аԥсны атәылауаҩ иҭакрашықәсқәа ихгаразы ареспубликахь дааргеит . Уи Барганџьиа зыжәлоу закәаншьаҭада анаркотикқәа реикәыршаразы урыстәылатәи аӡбарҭаҿы иус рыӡбахьеит, иара иҟаиҵаз аҳәара инақәыршәаны, иқәҵоу ахьырхәра иԥсадгьыл аҿы ихигоит ҳәа аанацҳауеит Апрокуратура хада.Азыҳәа иахәаԥшит, иагьақәшаҳаҭхеит аҩтәылак рзинхьчаратә усбарҭақәа. Азыҳәа нагӡоуп Аԥсни Урыстәылеи 2015 шықәса лаҵара 28 раахыс ирыбжьоу аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны.
Бадра Гәынба Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба Алада Ешыра иҳаҭгәынаҿ ашәҭқәа шьҭеиҵеит. Уи ашьҭахь Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь анышә дахьамадоу Џьгьарда иҳаҭгәынаҿ днеит ашәҭқәа шьҭеиҵеит.Ацеремониа рхы аладырхәит аҳәынҭқарра ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, аԥыза-министр Владимир Делба, Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Жәлар Реизара адепутатцәа, Атәыла анапхгара аусзуҩцәа, ауаажәларра.Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынбеи Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшьи ргәалашәара иазку ацәыргақәҵа аатит Аибашьратә фырхаҵара амузеи аҟны.Аекспозициаҿы ицәыргоуп амузеи архив аҟынтәи 80 рҟынӡа фотоҭыхымҭа. Амузеи адиректор лхаҭыԥуаҩ Вадим Аргәын Sputnik ишазеиҭеиҳәаз ала, ицәыргақәҵоу Арӡынбеи Багаԥшьи рфотосахьақәа ҭыхуп рыԥсҭазаара еиуеиԥшым аамҭақәа рзы — ианыхәыҷқәаз, ианқәыԥшқәаз, ианстудентыз, аус аныруаз, аофициалтә ныҟәарақәа раан, иара убас рҭаацәеи рҭынхацәеи ирыцны. Ацәыргақәҵа аартуп хәажәкыра 13 рҟынӡа.Иара убас амузеи аҿы иддырбоит адокументалтә фильм "Владислав Арӡынба. Аиааиҩы идрама".Ақыҭанхамҩа аминистрра апроектқәа рзы асубсидиа ахьрыдыргало анализ ҟаҵатәуп ҳәа иԥхьаӡоит аусдкылаҩ Генрих Ҭыжәба, Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара альготтә кредитҟаҵара апрограмма ҿыцқәа рылшарақәа ртәы дазааҭгыло."Асубсидиа ахьыҟоу мацара аминистрра иадыргало апроектқәа зегьы анҵәамҭаҿы аманшәалара ацӡам, убри азы анализ ҟаҵатәуп. Асубсидиа рыҭараан аццакра аҭахӡам, ииашаҵәҟьаны аус зурц зҭаху, Аԥсны аекономика иацхраарц зҭаху алшара рыҭатәуп", — иҳәеит Ҭыжәба.Аԥсны афымцамч ахархәаразы ашәарақәа реизгара 65% рҟынӡа реизырҳара иазыԥшуп ашықәс анҵәамҭазы ҳәа еиҭеиҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" аиҳабы Ҭемыр Џьынџьал, ателеканал "Абаза-ТВ" аинтервиу аҭо.Иара иажәақәа рыла, арҭ арбагақәа алыршахеит афымцамчԥхьаӡагақәа рықәыргалара иабзоураны. 2025 шықәсазы 53-54% ҳәа аԥарашәара еизнарҳаит . Сынтәа еиҳагьы аизҳара ҳазыԥшуп", — азгәеиҭеит иара.Урыстәыла зус ӡбоу Аԥсны атәылауаҩ иҭакрашықәсқәа ихгаразы ареспубликахь дааргеит . Уи Барганџьиа зыжәлоу закәаншьаҭада анаркотикқәа реикәыршаразы урыстәылатәи аӡбарҭаҿы иус рыӡбахьеит, иара иҟаиҵаз аҳәара инақәыршәаны, иқәҵоу ахьырхәра иԥсадгьыл аҿы ихигоит ҳәа аанацҳауеит Апрокуратура хада.Азыҳәа иахәаԥшит, иагьақәшаҳаҭхеит аҩтәылак рзинхьчаратә усбарҭақәа. Азыҳәа нагӡоуп Аԥсни Урыстәылеи 2015 шықәса лаҵара 28 раахыс ирыбжьоу аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/03/04/1061443364_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_c5342460fe81dbc3f9ad97c982e24a23.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио