"Даур Занҭариа. Аҟәа иԥшааз ашәҟәы" ӡырган Москва
19:07 04.03.2026 (ирҿыцуп: 21:04 04.03.2026)

© Screenshot
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 4 — Sputnik. Ашәҟәы "Даур Занҭариа. Аҟәа иԥшааз ашәҟәы" ӡырган Москва иҟоу Урыстәылатәи аҳәынҭбиблиотека мрагыларатәи алитература ацентр аҟны.
Асериа "Иналукааша ауаа рыԥсҭазаара" аҟынтәи аҭыжьымҭа иаҵанакуеит архивтә материалқәеи, ахатә ршаҳаҭгақәеи, аепоха автортә хшыҩзцареи шьаҭас измоу абиографиатәии алитературатәии ҭҵаара.
Автор Максим Гуреев еиҭеиҳәеит ашәҟәы аҩразы аӡбамҭа шрыдыркылаз 2023 шықәсазы Даур Занҭариа диижьҭеи 70 шықәса аҵра иазкны Аҟәа имҩаԥысуаз аилатәараан.
Занҭариа ироманқәа "Ахьтәы барбали", "Феохариси" XIX - XX ашәышықәсақәа рҳәаа иаҵанакуа аԥсуа, аурыс, иааидкыланы адунеитә литератураҿы ҭынха дуны иҟалеит.
Ахәылԥаз иалахәын апоетцәа, ашәҟәыҩҩцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа Леонид Бахнов, Марина Москвина, Владислав Отрошенко, Игор Сид, Елена Холмогорова, Беслан Кобахьиа, Леонид Тишков, Сергеи Летов, Анил Џьанвидџьал, Даур Занҭариа ирҿиара абзиабаҩцәа.