https://sputnik-abkhazia.info/20260305/1061457555.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
30 рҟынӡа аҳәаанырцәтәи адронқәа Аԥсны ажәҩанҵакыраҿы иазгәаҭан хәажәкыра 4 рзы. "Иацы адронқәа зеиԥш ҟамлацыз хыԥхьаӡара рацәала рхархәара ҳаниеит", — ҳәа... 05.03.2026, Sputnik Аҧсны
2026-03-05T13:01+0300
2026-03-05T13:01+0300
2026-03-05T13:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/03/05/1061457389_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_e1b9e20cd7238436f494e57c90705822.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
30 рҟынӡа аҳәаанырцәтәи адронқәа Аԥсны ажәҩанҵакыраҿы иазгәаҭан хәажәкыра 4 рзы. "Иацы адронқәа зеиԥш ҟамлацыз хыԥхьаӡара рацәала рхархәара ҳаниеит", — ҳәа абрифинг аан инаҵшьны иазгәеиҭеит Арбџьармчқәеи Аҳаирхьчаратә мчрақәеи ркомандаҟаҵаҩ, аинрал-леитенант Адгәыр Гәымба. Адронқәа зегьы шамахамзар Аԥсни Урыстәылеи рҳаирхьчаратә мчқәа русеицурала иҭархан, урҭ 11 еиланхарҭа рҿы икаҳаит ҳәа азгәеиҭеит иара. Гәымба иҳәеит ари раԥхьатәи хҭысым ҳәа – уаанӡа аруаа мышкы аҩнуҵҟала 5-7 дрон анкарыжьуаз ыҟан имыраргамамкәа, ашәарақәа аҭыԥ рмоурц. Иара аҭагылазаашьа ахылаԥшра ауҭо иҟоуп ҳәа ахиҳәааит, инаҵшьны иазгәеиҭеит адронқәа Аԥсны ажәлара хықәкыс ишрымамыз, аха аԥшыхәра хықәкыс ирымазар шалшоз.
Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа абжьааԥнеиԥш аус ауеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа аиҳабы Рустам Латипов. Хәажәкыра хәба ауха изныкымкәан аҳәаа адыркит Шәача адронқәа ржәылараз иҟаз ашәарҭареи аҳаирхьчаратә хархәагақәа русуреи инамаданы.
Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы "Аԥсни уи анҭыҵи атәылауаа рыхәышәтәра" 2026 шықәсазтәи аусбарҭа ахықәкытә программа шьақәнарӷәӷәеит. Ареспубликатә биуџьет аҟнытә уи иазоужьуп 205 млн мааҭ, ари 2025 шықәсазы аасҭа 20 млн рыла еиҳауп. Апрограмма – Аԥсны анҭыҵи ареспублика ахатәы медицинатә усбарҭақәеи рҿы агәаҭараҭҵааратә, астационартә, мамзаргьы амбулатортә хәшәтәра зҭаху ачымазара бааԥсқәеи алаҽ чымазарақәеи раан ахәшәтәразы ачымазцәа ралԥшаареи рышьҭреи хықәкыс иамоуп. Иара убасгьы апациентцәа иԥсабаратәымкәа ахәыҷы рцәа раларшәара апроцедурахь ралԥшаареи рышьҭреи мҩаԥысуеит.
Ишьақәырӷәӷәоуп 2026 шықәсазтәи аусбарҭатә хықәкытә программа "Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рмедицинатә реабилитациа". Аӡбра рыдыркылеит Аминистрцәа реилазаара аилатәараҟны. Апрограмма ахықәкы – аинвалидцәа рреабилитациеи урҭ ауаажәларра рылагалареи, Ареабилитациатә центр апротезқәа рыҟаҵаразы амедхархәагақәеи аныхтәқәеи рыла аиқәыршәареи. Ари аус иазоужьуп 6 млн мааҭ.
30 рҟынӡа аҳәаанырцәтәи адронқәа Аԥсны ажәҩанҵакыраҿы иазгәаҭан хәажәкыра 4 рзы. "Иацы адронқәа зеиԥш ҟамлацыз хыԥхьаӡара рацәала рхархәара ҳаниеит", — ҳәа абрифинг аан инаҵшьны иазгәеиҭеит Арбџьармчқәеи Аҳаирхьчаратә мчрақәеи ркомандаҟаҵаҩ, аинрал-леитенант Адгәыр Гәымба. Адронқәа зегьы шамахамзар Аԥсни Урыстәылеи рҳаирхьчаратә мчқәа русеицурала иҭархан, урҭ 11 еиланхарҭа рҿы икаҳаит ҳәа азгәеиҭеит иара. Гәымба иҳәеит ари раԥхьатәи хҭысым ҳәа – уаанӡа аруаа мышкы аҩнуҵҟала 5-7 дрон анкарыжьуаз ыҟан имыраргамамкәа, ашәарақәа аҭыԥ рмоурц. Иара аҭагылазаашьа ахылаԥшра ауҭо иҟоуп ҳәа ахиҳәааит, инаҵшьны иазгәеиҭеит адронқәа Аԥсны ажәлара хықәкыс ишрымамыз, аха аԥшыхәра хықәкыс ирымазар шалшоз.Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа абжьааԥнеиԥш аус ауеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа аиҳабы Рустам Латипов. Хәажәкыра хәба ауха изныкымкәан аҳәаа адыркит Шәача адронқәа ржәылараз иҟаз ашәарҭареи аҳаирхьчаратә хархәагақәа русуреи инамаданы.Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы "Аԥсни уи анҭыҵи атәылауаа рыхәышәтәра" 2026 шықәсазтәи аусбарҭа ахықәкытә программа шьақәнарӷәӷәеит. Ареспубликатә биуџьет аҟнытә уи иазоужьуп 205 млн мааҭ, ари 2025 шықәсазы аасҭа 20 млн рыла еиҳауп. Апрограмма – Аԥсны анҭыҵи ареспублика ахатәы медицинатә усбарҭақәеи рҿы агәаҭараҭҵааратә, астационартә, мамзаргьы амбулатортә хәшәтәра зҭаху ачымазара бааԥсқәеи алаҽ чымазарақәеи раан ахәшәтәразы ачымазцәа ралԥшаареи рышьҭреи хықәкыс иамоуп. Иара убасгьы апациентцәа иԥсабаратәымкәа ахәыҷы рцәа раларшәара апроцедурахь ралԥшаареи рышьҭреи мҩаԥысуеит.Ишьақәырӷәӷәоуп 2026 шықәсазтәи аусбарҭатә хықәкытә программа "Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рмедицинатә реабилитациа". Аӡбра рыдыркылеит Аминистрцәа реилазаара аилатәараҟны. Апрограмма ахықәкы – аинвалидцәа рреабилитациеи урҭ ауаажәларра рылагалареи, Ареабилитациатә центр апротезқәа рыҟаҵаразы амедхархәагақәеи аныхтәқәеи рыла аиқәыршәареи. Ари аус иазоужьуп 6 млн мааҭ.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/03/05/1061457389_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_fa48cb413a00a9145db2c8094c5217d1.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио