https://sputnik-abkhazia.infohttps://t.me/sputnik_apsny_info/15931
Гәынба Аԥсны аҳаиртә ҵакыра аилагара азҵааразы Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара мҩаԥигеит
Гәынба Аԥсны аҳаиртә ҵакыра аилагара азҵааразы Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара мҩаԥигеит
Sputnik Аҧсны
Бадра Гәынба Аԥсны аҳаиртә ҵакыра аҳәаанырцәтәи БпЛА-қәа иахьеиларгаз иазкны Ашәарҭадаратә хеилак изаамҭанытәим аилатәара мҩаԥигеит. 05.03.2026, Sputnik Аҧсны
2026-03-05T15:58+0300
2026-03-05T15:58+0300
2026-03-05T17:09+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/03/05/1061464562_52:0:788:414_1920x0_80_0_0_e5617f5e0d201abc831bd33ad44b3ce3.png
Бадра Гәынба Аԥсны аҳаиртә ҵакыра аҳәаанырцәтәи БпЛА-қәа иахьеиларгаз иазкны Ашәарҭадаратә хеилак изаамҭанытәим аилатәара мҩаԥигеит."Аҳәынҭқарра ахада дазыӡырҩит Атәылахьчара аминистрра иацтәи ахҭысқәа рзы иҟанаҵаз ардырратә жәахә. Аԥсны аҳаиртә ҵакыра аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 30 рҟынӡа еиларгеит, зынӡа х-цәқәырԥакны иҟан", — ҳәа иҳәеит Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Рауль Лолуа. Адгьыл аҟынӡа инаӡеит аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 14, егьырҭ аахақәа рыманы амшын иалаҳаит.Аилатәараҿы ареспублика амчратә усбарҭақәа рыбжьара аиныррақәа ҳәаақәырҵеит. "Ас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа раан зегьы еишьаршәаланы аус рулароуп. Аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ахьҭыжьу ашьақәыргылара макьана иҳалшом, аспециалистцәа аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа рхки рҟазшьеи, хықәкыс ирымази ҭырҵаарц азы аамҭа цҵа аҭахуп", — ҳәа азгәеиҭеит Лолуа.Иара иазгәеиҭеит БпЛА збаз иаразнак иахьшәарҭам ахара днаскьаны иҷыдоу амаҵзурақәа рахь адырра шыҟаҵатәу.Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит икаҳаз аппаратқәа рзааигәахара шыҟамло, избанзар урҭ ҭҟәацыр шрылшо.Иара иажәақәа рыла, атәыла ахада амаҵзурақәа зегьы рҽеимаданы, иааиԥмырҟьаӡакәа аҭагылазаашьа ахылаԥшра арҭаларц анапынҵа риҭеит. Уаанӡа Атәылахьчара аминистрра адырра ҟанаҵахьан Аԥсны аҳаир ҵакыраҿы 30 рҟынӡа аҳәаанырцәтәи адронқәа шазгәарҭаз, урҭ рыԥҽыхақәа 11 еиланхарҭа рҿы ишкаҳаз. БпЛА аԥҽыхақәа збаз +7 (840) 274-40-10 аномер ала аҭел иастәуп.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/03/05/1061464562_144:0:696:414_1920x0_80_0_0_536dea7f86f8339262584c29c770a28c.pngSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Бадра Гәынба Аԥсны аҳаиртә ҵакыра аҳәаанырцәтәи БпЛА-қәа иахьеиларгаз иазкны Ашәарҭадаратә хеилак изаамҭанытәим аилатәара мҩаԥигеит.
"Аҳәынҭқарра ахада дазыӡырҩит Атәылахьчара аминистрра иацтәи ахҭысқәа рзы иҟанаҵаз ардырратә жәахә. Аԥсны аҳаиртә ҵакыра аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 30 рҟынӡа еиларгеит, зынӡа х-цәқәырԥакны иҟан", — ҳәа иҳәеит Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Рауль Лолуа.
Адгьыл аҟынӡа инаӡеит аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 14, егьырҭ аахақәа рыманы амшын иалаҳаит.
Аилатәараҿы ареспублика амчратә усбарҭақәа рыбжьара аиныррақәа ҳәаақәырҵеит.
"Ас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа раан зегьы еишьаршәаланы аус рулароуп. Аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ахьҭыжьу ашьақәыргылара макьана иҳалшом, аспециалистцәа аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа рхки рҟазшьеи, хықәкыс ирымази ҭырҵаарц азы аамҭа цҵа аҭахуп", — ҳәа азгәеиҭеит Лолуа.
Иара иазгәеиҭеит БпЛА збаз иаразнак иахьшәарҭам ахара днаскьаны иҷыдоу амаҵзурақәа рахь адырра шыҟаҵатәу.
Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит икаҳаз аппаратқәа рзааигәахара шыҟамло, избанзар урҭ ҭҟәацыр шрылшо.
"Убри азы иаразнак иҷыдоу ҳмаҵзурақәа, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра, АҶА, Атәылахьчара аминистрра адырра рыҭатәуп"
, – иҳәеит
Лолуа.
Иара иажәақәа рыла, атәыла ахада амаҵзурақәа зегьы рҽеимаданы, иааиԥмырҟьаӡакәа аҭагылазаашьа ахылаԥшра арҭаларц анапынҵа риҭеит.
Уаанӡа Атәылахьчара аминистрра адырра ҟанаҵахьан Аԥсны аҳаир ҵакыраҿы 30 рҟынӡа аҳәаанырцәтәи адронқәа шазгәарҭаз, урҭ рыԥҽыхақәа 11 еиланхарҭа рҿы ишкаҳаз.
БпЛА аԥҽыхақәа збаз +7 (840) 274-40-10 аномер ала аҭел иастәуп.