VII Жәларбжьаратәи аицлабра "Ақәҿиарақәа рҵакыра: Пегас" ахь азыҳәақәа рыдкылара иалагеит
21:00 05.03.2026 (ирҿыцуп: 00:09 06.03.2026)

© Foto / Фонд "АТР АЭС"
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 5 - Sputnik. VII Жәларбжьаратәи аицлабра "Ақәҿиарақәа рҵакыра: Пегас" ахь азыҳәақәа рыдкылара иалагеит.
Уи рхы аладырхәыр рылшоит урыстәылатәи атомтә қалақьқәеи аеиашьара зыбжьоу ахәаанырцәтәи ақалақьқәа рҟынтәи ахәыҷқәа: Гагра, Афон ҿыц, Пицунда, Аҟәа, Тҟәарчал, белоруссиатәи Островец, ҭырқәтәылатәи апровинциа Мерсин аҟнытә ақалақьқәа, венгриатәи ассоциациа TEIT.
Аицлабра ҩ-темак еиднакылоит: Урыстәыла ажәларқәа ракзаара ашықәси Михаил Салтыков-Шьедрин диижьҭеи 200 шықәса аҵреи.
"Иреиӷьу ажәабжь", "Иреиӷьу апоезиа", "Иреиӷьу асахьақәа", "Росатом атәыла иреиӷьу актиор" акатегориақәа рзы арзаҳалқәа рыдыркылоит лаҵара 1 аҟынӡа.
Апроект мҩаԥнагоит "АТР АЭС" афонди аилахәыра "Росэнергоатоми". Аиааира згаз рыхьӡқәа рылаҳәахоит лаҵара 25-29 рзы.