https://sputnik-abkhazia.info/20260306/1061498075.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Афымцаҳақәа технологиала рҿаԥшьразы азинқәа ҷыдала рышьақәырӷәӷәаразы Аминистрцәа реилазаара ақәҵара хымԥадатәиуп азинтә вакуум аԥыхразы ҳәа арадио Sputnik... 06.03.2026, Sputnik Аҧсны
2026-03-06T18:01+0300
2026-03-06T18:01+0300
2026-03-06T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/03/06/1061497909_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_112d8afe3580a383225dd7ab81817403.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Афымцаҳақәа технологиала рҿаԥшьразы азинқәа ҷыдала рышьақәырӷәӷәаразы Аминистрцәа реилазаара ақәҵара хымԥадатәиуп азинтә вакуум аԥыхразы ҳәа арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит аенергетика аминистр Баҭал Мышәба. "Иара цәыббра 28 1991 шықәсанӡа иаку аоператортә ҳақәа ирыдҳәалаз, Аԥсны иҟаз, аус зуаз, аха аибашьартә хҭысқәа инарымаданы урҭ раҿакразы аҵаҵӷәқәа шьақәзырӷәӷәаша ашәҟәбӷьыцқәа ззыҟам аргыларақәа аҵанакуеит", — ҳәа азгәеиҭеит иара.
Аԥсны ауаажәларратә еиҿкаарақәа аԥҳәыс хаҿы рымоуп ҳәа азгәалҭеит ареспубликаҿы ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Мактина Џьынџьалԥҳа. "Даара ирацәаҩуп аҳәса ауаҩы изинқәа рыхьчара ахырхарҭала, ауаажәларратә аԥшьгарақәа ирылахәу, уи уамыргәырӷьар залшом", — ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит лара ареспубликаҿы иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра еиҿнакааз астол гьежь аҟны. Иара убри аамҭазы Џьынџьалԥҳа илҳәеит, Аԥсны аҳәса ҳаҭыр ду шрықәугьы, аҳәсеи ахәыҷқәеи рзинқәа реилагара ахҭысқәа егьырҭ атәылақәа рҿы еиԥш араҟагьы ишуԥылало.
Апрограмма "Ақыҭанхамҩа аҿиара — 2025" аҳәаақәа ирҭагӡаны 142 млн мааҭ зыхәԥса ыҟоу 340 инареиҳаны азыҳәақәа рыдыркылеит. Апроектқәа рыбжеиҳарак Очамчыра араион аҿы инагӡахоит ҳәа азгәаҭоуп Ақыҭанхамҩа аминистрра иҟанаҵаз адыррақәа рҿы. Ҵыԥх апрограмма азеиԥш биуџьет иартәеит 150 млн мааҭ, урҭ рҟынтәи 9,7 млн афунгицид аахәара иақәдырӡит. Ари ахыԥхьаӡара 7 000 га адгьылқәа аус рыдуларазы иазхеит.
Хышәҩык урыстәылатәи аруаа украинантәи ирхынҳәуп.Урҭ рцынхәра Киев иазырхынҳәуп 300-ҩык Украинатәи арбџьармчқәа реибашьцәа ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.Урыстәылауаа уажәазы Беларуссиа иҟоуп, урҭ рыԥсадгьыл ахь иааргоит рыхәшәтәреи рреабилитациеи рзы.
Афымцаҳақәа технологиала рҿаԥшьразы азинқәа ҷыдала рышьақәырӷәӷәаразы Аминистрцәа реилазаара ақәҵара хымԥадатәиуп азинтә вакуум аԥыхразы ҳәа арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит аенергетика аминистр Баҭал Мышәба. "Иара цәыббра 28 1991 шықәсанӡа иаку аоператортә ҳақәа ирыдҳәалаз, Аԥсны иҟаз, аус зуаз, аха аибашьартә хҭысқәа инарымаданы урҭ раҿакразы аҵаҵӷәқәа шьақәзырӷәӷәаша ашәҟәбӷьыцқәа ззыҟам аргыларақәа аҵанакуеит", — ҳәа азгәеиҭеит иара. Аԥсны ауаажәларратә еиҿкаарақәа аԥҳәыс хаҿы рымоуп ҳәа азгәалҭеит ареспубликаҿы ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Мактина Џьынџьалԥҳа. "Даара ирацәаҩуп аҳәса ауаҩы изинқәа рыхьчара ахырхарҭала, ауаажәларратә аԥшьгарақәа ирылахәу, уи уамыргәырӷьар залшом", — ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит лара ареспубликаҿы иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра еиҿнакааз астол гьежь аҟны. Иара убри аамҭазы Џьынџьалԥҳа илҳәеит, Аԥсны аҳәса ҳаҭыр ду шрықәугьы, аҳәсеи ахәыҷқәеи рзинқәа реилагара ахҭысқәа егьырҭ атәылақәа рҿы еиԥш араҟагьы ишуԥылало.Апрограмма "Ақыҭанхамҩа аҿиара — 2025" аҳәаақәа ирҭагӡаны 142 млн мааҭ зыхәԥса ыҟоу 340 инареиҳаны азыҳәақәа рыдыркылеит. Апроектқәа рыбжеиҳарак Очамчыра араион аҿы инагӡахоит ҳәа азгәаҭоуп Ақыҭанхамҩа аминистрра иҟанаҵаз адыррақәа рҿы. Ҵыԥх апрограмма азеиԥш биуџьет иартәеит 150 млн мааҭ, урҭ рҟынтәи 9,7 млн афунгицид аахәара иақәдырӡит. Ари ахыԥхьаӡара 7 000 га адгьылқәа аус рыдуларазы иазхеит.Хышәҩык урыстәылатәи аруаа украинантәи ирхынҳәуп.Урҭ рцынхәра Киев иазырхынҳәуп 300-ҩык Украинатәи арбџьармчқәа реибашьцәа ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.Урыстәылауаа уажәазы Беларуссиа иҟоуп, урҭ рыԥсадгьыл ахь иааргоит рыхәшәтәреи рреабилитациеи рзы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/03/06/1061497909_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_67d47f507ac7e987cfa0f91e8e39f293.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио