https://sputnik-abkhazia.infohttps://t.me/sputnik_apsny_info/15961
Аԥсныҟа атурқәа еиҵахеит ахәыҷқәа аҳәаанырцәтәылауаҩшәҟәқәа рзыҟаҵара инамаданы
Аԥсныҟа атурқәа еиҵахеит ахәыҷқәа аҳәаанырцәтәылауаҩшәҟәқәа рзыҟаҵара инамаданы
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, хәажәкыра 6 - Sputnik. Аԥсныҟа атурқәа рыҭира еиҳа еиҵахеит ахәыҷқәа аҳәаанырцәтәылауаҩшәҟәқәа рзыҟаҵара ахьхымԥадатәихаз инамаданы ҳәа иҳәеит... 06.03.2026, Sputnik Аҧсны
2026-03-06T18:48+0300
2026-03-06T18:48+0300
2026-03-06T22:36+0300
sputnik аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/i/logo/logo-social.png
АҞӘА, хәажәкыра 6 - Sputnik. Аԥсныҟа атурқәа рыҭира еиҳа еиҵахеит ахәыҷқәа аҳәаанырцәтәылауаҩшәҟәқәа рзыҟаҵара ахьхымԥадатәихаз инамаданы ҳәа иҳәеит Урыстәылатәи атуриндустриа ахеилак анапхгара алахәыла Сергеи Ромашкин Москва имҩаԥысуаз атурагентцәа рконгресс аҿы.Иара иазгәеиҭеит, урыстәылаа рыхәҭак аҳәаанырцәтәи атәылауаҩшәҟәқәа шрымам. Ҭаацәаныла аԥсшьара ацаразы урҭ рхәыҷқәеи рхази раԥхьаӡакәны атәылауаҩшәҟәқәа ҟарҵоит. Адокумент анроулак дара даҽа ԥсшьарҭаҭыԥк алырхыр рылшоит.Иҟоуп аҽа ԥынгылакгьы – Аҟәанӡа ишиашоу аҳаиреимадарақәа разымхареи абилеҭқәа рыхәԥса аҳаракреи.14 шықәса иреиҵоу ахәыҷқәа Урыстәыла ралгаразы аԥҟара ҿыц амчра аиуит ажьырныҳәа 20 раахыс. Уи инақәыршәаны урыстәылатәи атәылауаҩра змоу ахәыҷқәа аҳәаа ахысра рылшом аиразы аршаҳаҭгала, аҳәаанырцәтәылауаҩшәҟәы рымазароуп.
https://sputnik-abkhazia.info/20260121/1060529805.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
sputnik аԥсны
Аԥсныҟа атурқәа еиҵахеит ахәыҷқәа аҳәаанырцәтәылауаҩшәҟәқәа рзыҟаҵара инамаданы
18:48 06.03.2026 (ирҿыцуп: 22:36 06.03.2026) АҞӘА, хәажәкыра 6 - Sputnik. Аԥсныҟа атурқәа рыҭира еиҳа еиҵахеит ахәыҷқәа аҳәаанырцәтәылауаҩшәҟәқәа рзыҟаҵара ахьхымԥадатәихаз инамаданы ҳәа иҳәеит Урыстәылатәи атуриндустриа ахеилак анапхгара алахәыла Сергеи Ромашкин Москва имҩаԥысуаз атурагентцәа рконгресс аҿы.
"Макьаназ иаабо 10% алаҟәроуп. Ҳгәы ишаанаго ала, сынтәа Аԥсны аԥсшьаратә ҭагылазаашьа лаҟәуеит", — ҳәа иҳәеит иара.
Иара иазгәеиҭеит, урыстәылаа рыхәҭак аҳәаанырцәтәи атәылауаҩшәҟәқәа шрымам. Ҭаацәаныла аԥсшьара ацаразы урҭ рхәыҷқәеи рхази раԥхьаӡакәны атәылауаҩшәҟәқәа ҟарҵоит. Адокумент анроулак дара даҽа ԥсшьарҭаҭыԥк алырхыр рылшоит.
Иҟоуп аҽа ԥынгылакгьы – Аҟәанӡа ишиашоу аҳаиреимадарақәа разымхареи абилеҭқәа рыхәԥса аҳаракреи.
14 шықәса иреиҵоу ахәыҷқәа Урыстәыла ралгаразы аԥҟара ҿыц амчра аиуит ажьырныҳәа 20 раахыс. Уи инақәыршәаны урыстәылатәи атәылауаҩра змоу ахәыҷқәа аҳәаа ахысра рылшом аиразы аршаҳаҭгала, аҳәаанырцәтәылауаҩшәҟәы рымазароуп.