Гагра араион Ԥсахара ақыҭа ауааԥсыра лашарала еиқәыршәоуп
12:49 07.03.2026 (ирҿыцуп: 14:11 07.03.2026)

© Sputnik / Марианна Кубрава
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 7 - Sputnik. Гагра араион Ԥсахара ақыҭа ауааԥсыра лашарала еиқәыршәоуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" гагратәи аҟәша аиҳабы Асҭамыр Гогәуа.
Иара иажәақәа рыла, аиҭашьақәыргыларатә гәыԥ хәылԥазынӡа аусурақәа ирҿын, дара аҵх иалагӡаны аԥхасҭа ахьыҟаз аԥыхра рылшеит.
Хәажәкыра 6 ахәылбыҽха Ԥсахара ақыҭа лашарада иаанхеит афымцацәаҳәақәа рҿы иҟалаз аиԥҟьара иахҟьаны.