Аҟәа аԥшаҳәаҿы имҩаԥырго ажрақәа ирыцҵахар алшоит амшцәгьақәа ирыхҟьаны
15:46 09.03.2026 (ирҿыцуп: 19:43 09.03.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 9 — Sputnik. Аҟәа аԥшаҳәаҿы имҩаԥырго ажрақәа ирыцҵахар алшоит амшцәгьақәа ирыхҟьаны ҳәа азгәеиҭеит Аҟәа ахада ихаҭыԥуаҩ Константин Ҭарба.
"Аҭоурыхтә-культуратә ҭынха аҟәша 20-ҟа мшы раҟара аамҭа аҭан, аха аҳауа ҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны, уи аамҭа маҷк иацҵахар ҟалоит", — ҳәа иҳәеит иара.
Ҭарба инаҵшьны иазгәеиҭеит, иԥшааз артефактқәа Аԥсны азы даара аҵак ду шрымоу, убри азгәаҭаны иахьа ақалақь ахадара аусзуҩцәа археолгцәа ирыдгыланы аусурақәа рымҩаԥгараз уахь ишнеиз. Иҟоуп зхәыҷқәа зманы инеизгьы. Абри атәы аанацҳауеит ақалақь ахадара апресс-маҵзура.

1/4
© telegram sputnik_apsny_info
Аҟәа аԥшаҳәаҿы ажрақәа мҩаԥысуеит

2/4
© telegram sputnik_apsny_info
Аҟәа аԥшаҳәаҿы ажрақәа мҩаԥысуеит

3/4
© telegram sputnik_apsny_info
Аҟәа аԥшаҳәаҿы ажрақәа мҩаԥысуеит

4/4
© telegram sputnik_apsny_info
Аҟәа аԥшаҳәаҿы ажрақәа мҩаԥысуеит
1/4
© telegram sputnik_apsny_info
Аҟәа аԥшаҳәаҿы ажрақәа мҩаԥысуеит
2/4
© telegram sputnik_apsny_info
Аҟәа аԥшаҳәаҿы ажрақәа мҩаԥысуеит
3/4
© telegram sputnik_apsny_info
Аҟәа аԥшаҳәаҿы ажрақәа мҩаԥысуеит
4/4
© telegram sputnik_apsny_info
Аҟәа аԥшаҳәаҿы ажрақәа мҩаԥысуеит
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхтә факультет адекан Алик Габелиа иазгәеиҭеит, ачынуааи аргылаҩцәеи рыбжьара аилибакаара шыҟоу ари аҭыԥ аҿы ажрақәа рымҩаԥгара ацҵара, аԥхьаҟа изызҳауа абиԥарақәа рзеиқәырхаразы.
Араҟа археологцәа ирыԥшаахьеит акерамикалых аԥҽыхақәеи 20 рҟынӡа аԥараҿырпқәа – константинопольтәи, византиатәи, римтәи аамҭақәа ирыҵанакуа ҳәа азгәаҭоуп аҳәамҭаҿы.
Араҟа археологцәа ирыԥшаахьеит акерамикалых аԥҽыхақәеи 20 рҟынӡа аԥараҿырпқәа – константинопольтәи, византиатәи, римтәи аамҭақәа ирыҵанакуа ҳәа азгәаҭоуп аҳәамҭаҿы.

