Ҳера ҟалаанӡа II-IV ашәышықәсақәа ирыҵаркуа ацаԥха-мацәаз рыԥшааит аҳҭнықалақь аԥшаҳәаҿы
14:55 10.03.2026 (ирҿыцуп: 15:10 10.03.2026)

© Foto / Айнар Инал-ипа
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 10 — Sputnik. Ҳера ҟалаанӡа II-IV ашәышықәсақәа ирыҵаркуа римтәи ацаԥха-мацәаз рыԥшааит аҳҭнықалақь аԥшаҳәаҿы имҩаԥысуа ажрақәа рҿы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит амузеи "Аҟәатәи абаа" адиректор Аинар Инал-иԥа.
"Раԥхьа уи мацәазыз џьаҳшьеит. Нас археологцәа иҭырҵааит, уи ажәытәӡатәи римтәи цаԥхоуп ҳәа алкаа ҟарҵеит. Анацәа иахарҵозар акәхарын. Ацаԥха бҩоуп излыху, зыжәла бзиоу абҩакца иаҵәа амоуп", — ҳәа азгәеиҭеит Инал-иԥа.
Археолог Дмитри Счастныи иажәақәа рыла, абас еиԥш иҟаз ацаԥхақәа рыла иаадыртуан акы зҭоуҵәахышаз ачықьмаџьа хәыҷқәа.
Аҟәатәи аԥшаҳәаҿы ажрақәа цоит ҩымчыбжь инареиҳаны. Ари аамҭа иалагӡаны ирыԥшааит ацәамаҭәа ахәҭақәа, афибулқәа, абаҩлых маҭәарқәа, акыцаалыҵқәа, аԥараҿырпқәа. Археологцәа ирыцхраауеит згәы былуа атәыла ауааԥсыра, АҶА аусзуҩцәа, аррамаҵзурауаа.
"Ажрақәа анхыркәшахо арыцхә еснагь инаскьаагоит избанзар – иахьаҳжлакгьы, зехьынџьара аинтерес зҵоу маҭәарқәак ҳԥыхьашәоит. Арҭ амшқәа рзы ақалақь ахадара аҟнытә иаҳҭааит. Амш бзианаҵы аамҭа ҳарҭар ҟалап", — ҳәа азгәеиҭеит Счастныи.