Урыстәылатәи аҳаирхыхьчаратә мчқәа украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 185 ҭадырхеит
09:43 11.03.2026 (ирҿыцуп: 11:34 11.03.2026)

© Sputnik / Евгений Биятов
/ Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 11 — Sputnik. Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 185 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Адронқәа кажьын Астрахантәи, Белгородтәи, Бриансктәи, Волгоградтәи, Воронежтәи, Курсктәи, Ростовтәи, Самаратәи, Саратовтәи аобластқәа рҿы, Краснодартәи атәылаҿацә, Ҟрым, иара убас Амшын еиқәеи Азовтәи амшыни инахыкны.
Аҧырҩы дызҭам ахархәагақәа ржәыларазы ашәарҭара алагалоуп Шәачеи Сириуси иаха аахыс, 12 сааҭ иназынаҧшуа аҳаирбаҕәаза аркуп.