Адокументалтә фильм "Донбасс. Аҭынчрахь амҩа" дырбан Аҟәатәи алицеи-интернат аҿы
16:56 11.03.2026 (ирҿыцуп: 17:43 11.03.2026)

© Sputnik Screenshot
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 11 — Sputnik. Адокументалтә фильм "Донбасс. Аҭынчрахь амҩеи" ацәыргақәҵа "Сара издыруеит аибашьра иазку аиашеи" мҩаԥысит Аҟәатәи алицеи-интернат аҿы.
Афильм Донбасс аҭоурых, ари арегион Урыстәылахь ахынҳәраз амҩа уадаҩ, аҭыԥантәи ауааԥсыра уи шрыдыркылаз, Украинатәи Арбџьармчқәа рганахьала арратә агрессиа шырхырго атәы еиҭанаҳәоит.
"Афильм аҿы шәара шәеиԥш зеиԥшу ашколхәыҷқәа ргәаанагареи, иара убас аекспертцәа-аҭоурыхҭҵааҩцәа ргәаанагареи шәаҳауеит. Иара убасгьы еиҭарҳәоит аибашьра адагьы аинтернационалтә бригада "Пиатнашкеи" уи адҵаҟаҵаҩи зҿу атәы", — еиҭеиҳәеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра анапхгаҩы инапынҵақәа назыгӡо Вадим Банников.
Ацәыргақәҵа "Сара аибашьра иазку аиаша здыруеит" шьақәгылоуп арратә операциа ҷыда афырхацәа ртәы зҳәо аинформациатә стендқәа 15 рыла.
Аусмҩаԥгатә аҿы адипломқәа ранаршьеит Аԥсадгьыл Ахьчаҩ имши АОҶ иалагеижьҭеи ԥшьышықәса ахыҵреи ирызку асахьақәа реиндаҭлараҿы аԥхьахәқәа згаз алицеи-интернат аҵаҩцәа.