00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
30 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
2 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ихадоу атемақәа

Ихадоу атемақәа
Анапаҵаҩра
Аԥсны аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ржәыларазы ашәарҭара шыҟоу рылаҳәан иахьа ашьыбжьышьҭахь. Убри инамаданы Аԥсны Аҳауаҽацәыхьчаратә мчқәеи Арбџьармчқәеи аҳаирҵакыра хылаԥшра арҭоит аҭагылазаашьа рҳәеит Атәылахьчара аминистрраҟны.Атәылауаа рахь аҳәара ҟарҵоит ашәарҭадаратә ԥҟарақәа ирықәныҟәаларц: иаарту аҭыԥ аанрыжьырц, адронқәа инапылаҟаҵароу ахархәагақәа рыла акажьра рҽазырымшәарц, рыкәша-мыкәша иҟоу ауаа ашәарҭара шыҟоу азы ргәырҽанырҵаларц.
Иҳазцәырҵуа апроблемақәа ҳҳәоу еиқәыршәаны, ҿымҭӡакәа рыӡбра ҳҽазаҳшәоит, избанзар, ҳажәлар ргәы ҭаҳҟьар ҳҭахӡам ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны ахада Бадра Гәынба, Очамчыра араион ахадараҿы имҩаԥысуаз аилатәараҿы."Хадара злам зҵаара ыҟаӡам — ашәарҭадара, аҳәынҭқарра ахьчара, ақыҭанхамҩа, асоциалтә ҭагылазаашьа, афымцалашара, ашколқәа рҭагылазаашьақәа уҳәа азҵҟаарақәа. Арҭ азҵаарақәа зегьы есыҽны ахылаԥшра рҭахуп, системала разнеиреи рҭахуп", — иҳәеит иара.Ауаажәларреи аҳәынҭқарра анапхгареи реиԥылара еснагь алҵшәа амоуп ҳәа иԥхьаӡоит атәыла ахада.
2025 шықәсазы Очамчыра араион ақыҭанхамҩа аҿиара апрограммала агәрагара роуит 164 проект иҳәеит араион ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы Ҭенгьиз Какәбаа.Урҭ рынагӡаразы иақәхарџьын 76 млн мааҭ ҳәа азгәеиҭеит иара аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынбеи уи ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәааи злахәны имҩаԥысыз аилатәараҿы.Иара иажәақәа рыла, иҳаҩсыз ашықәс азы 2,5 нызқь гектар цәаӷәан."Араион ахадара абиуџьет иазоунажьит 2 млн мааҭ уи ҳхы иархәаны, ақыҭаҿ зсоциалтә ҭагылазаашьа уадаҩу, атәанчаҩцәа, зыхшара ҭахаз уҳәа 165 га рыдгьылқәа алацәаӷәан", — иҳәеит Какәбаа.
Адокументалтә фильм "Донбасс. Аҭынчрахь амҩеи" ацәыргақәҵа "Сара издыруеит аибашьра иазку аиашеи" мҩаԥысит Аҟәатәи алицеи-интернат аҿы. Афильм Донбасс аҭоурых, ари арегион Урыстәылахь ахынҳәраз амҩа уадаҩ, аҭыԥантәи ауааԥсыра уи шрыдыркылаз, Украинатәи Арбџьармчқәа рганахьала арратә агрессиа шырхырго атәы еиҭанаҳәоит. Ацәыргақәҵа "Сара аибашьра иазку аиаша здыруеит" шьақәгылоуп арратә операциа ҷыда афырхацәа ртәы зҳәо аинформациатә стендқәа 15 рыла. Аусмҩаԥгатә аҿы адипломқәа ранаршьеит Аԥсадгьыл Ахьчаҩ имши АОҶ иалагеижьҭеи ԥшьышықәса ахыҵреи ирызку асахьақәа реиндаҭлараҿы аԥхьахәқәа згаз алицеи-интернат аҵаҩцәа.
Аҟәа ӡыда иаанхоит уахыки-ҽнаки инарзынаԥшуа хәажәкыра 12 рзы. Аӡы аанкылахоит асааҭ 00:00 инаркны 21:00 рҟынӡа Басариа имҩаҿы аӡымҩангага ҿыц аҿакра инадҳәаланы ҳәа рҳәеит аҳҭнықалақь "Аӡыршьҭра" аҟны. Ӡыда иҟазаауеит ақалақь ашьха иахьаԥнуи ақалақь агәи, Ешба имҩеи, Ажәытә ҳаблеи, аџьармыкьеи, Алашарбага аҳаблеи, ВИЕМ араиони аҵанакуеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0