https://sputnik-abkhazia.info/20260311/asharadara-afymtsalasharala-aiyrshara-ayaa-ryiara-ochamchyra-araion-ailatara-alkaa-1061574183.html
Ашәарҭадара, афымцалашарала аиқәыршәара, ақыҭақәа рыҿиара: Очамчыра араион аилатәара алкаа
Ашәарҭадара, афымцалашарала аиқәыршәара, ақыҭақәа рыҿиара: Очамчыра араион аилатәара алкаа
Sputnik Аҧсны
Иҳазцәырҵуа апроблемақәа ҳҳәоу еиқәыршәаны, ҿымҭӡакәа рыӡбра ҳҽазаҳшәоит, избанзар, ҳажәлар ргәы ҭаҳҟьар ҳҭахӡам ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны ахада Бадра Гәынба... 11.03.2026, Sputnik Аҧсны
2026-03-11T16:02+0300
2026-03-11T16:02+0300
2026-03-11T16:02+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/03/0b/1061574427_0:0:2560:1440_1920x0_80_0_0_21041140b876685c981e7f46b317f093.jpg
АшәарҭадараИҳазцәырҵуа апроблемақәа ҳҳәоу еиқәыршәаны, ҿымҭӡакәа рыӡбра ҳҽазаҳшәоит, избанзар, ҳажәлар ргәы ҭаҳҟьар ҳҭахӡам ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны ахада Бадра Гәынба, Очамчыра араион ахадараҿы имҩаԥысуаз аилатәараҿы. "Хадара злам зҵаара ыҟаӡам — ашәарҭадара, аҳәынҭқарра ахьчара, ақыҭанхамҩа, асоциалтә ҭагылазаашьа, афымцалашара, ашколқәа рҭагылазаашьақәа уҳәа азҵҟаарақәа. Арҭ азҵаарақәа зегьы есыҽны ахылаԥшра рҭахуп, системала разнеиреи рҭахуп", — иҳәеит иара. Ауаажәларреи аҳәынҭқарра анапхгареи реиԥылара еснагь алҵшәа амоуп ҳәа иԥхьаӡоит атәыла ахада.Аԥсни Урыстәылеи ртәылахьчара аминистррақәа русеицураАҳәынҭқарра ашәарҭадара ахьчараҿы Аԥсны иамоу алшарақәа хьысҳауп, аха Урыстәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ирыбзоураны аамҭала иӡбуп ҳәа иҳаԥхьаӡоит иҳәеит атәыла ахада Бадра Гәынба.Аибашьра амҩаԥгашьақәа рҽырыԥсахит, убарҭқәа ҳаргьы ҳазыҟаҵазароуп ҳәа иҳәеит Аԥсны ахада Бадра Гәынба.Аҳәынҭқарра ашәарҭадара азҵаарақәа ирхадоуп ҳәа иԥхьаӡоит Гәынба.Афымцалашарала аиқәыршәараАԥсны аҳәынҭқарра аҿаԥхьа иқәгылоу азҵаарақәа реиҳа иуадаҩу — фымцалашарала аиқәыршәароуп ҳәа иԥхьаӡоит атәыла ахада Бадра Гәынба. Ҭагалан-аӡынтәи аамҭазы алашара еиԥҟьарада аиура ҳалҳаршеит ҳәа азгәеиҭеит иара. Хәажәкырамза нҵәаанӡа Урыстәыла Аԥсны афымцалашара ианаҭалоит, уи ареспублика урыстәылатәи аенергосистема иазархынҳәуеит ЕгрГЕС амчхарақәа иахәҭоу аҩаӡарақәа рҟынӡа ианынаӡалак.Ақыҭа аҿиараАԥсны ирылаҳәоу Ақыҭа Ашықәс аҳәаақәа ирҭагӡаны — ҳқыҭақәа рыҿиаразы системала ахаҵгылара заҳҭаша ахырхарҭақәа ҭаҳҵаауеит ҳәа иҳәеит атәыла ахада Бадра Гәынба. Ҳҳәынҭқарра аиқәырхара азҵаара анаҳҳәо хадара злоу усуп — ҳқыҭақәа реиқәырхара ҳәа азгәеиҭеит иара.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/03/0b/1061574427_320:0:2240:1440_1920x0_80_0_0_6b25ca56e6c0d479fd5e304fb9b04de3.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Иҳазцәырҵуа апроблемақәа ҳҳәоу еиқәыршәаны, ҿымҭӡакәа рыӡбра ҳҽазаҳшәоит, избанзар, ҳажәлар ргәы ҭаҳҟьар ҳҭахӡам ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны ахада Бадра Гәынба, Очамчыра араион ахадараҿы имҩаԥысуаз аилатәараҿы.
"Хадара злам зҵаара ыҟаӡам — ашәарҭадара, аҳәынҭқарра ахьчара, ақыҭанхамҩа, асоциалтә ҭагылазаашьа, афымцалашара, ашколқәа рҭагылазаашьақәа уҳәа азҵҟаарақәа. Арҭ азҵаарақәа зегьы есыҽны ахылаԥшра рҭахуп, системала разнеиреи рҭахуп", — иҳәеит иара.
Ауаажәларреи аҳәынҭқарра анапхгареи реиԥылара еснагь алҵшәа амоуп ҳәа иԥхьаӡоит атәыла ахада.
Аԥсни Урыстәылеи ртәылахьчара аминистррақәа русеицура
Аҳәынҭқарра ашәарҭадара ахьчараҿы Аԥсны иамоу алшарақәа хьысҳауп, аха Урыстәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ирыбзоураны аамҭала иӡбуп ҳәа иҳаԥхьаӡоит иҳәеит атәыла ахада Бадра Гәынба.
"Урыстәыла атәылахьчареи ҳара ҳ-Арбџьармчқәеи еиуеиԥшым аицҽазыҟаҵарақәа еицымҩаԥаҳгоит. Ааигәа раионцыԥхьаӡа ихан ашәарҭара цәырызго адронқәа, урҭ рҭархара ҳалшеит, уи зыбзорахазгьы ҳусеицура ауп. Убри азҵаара хықәкыла иазхьаԥштәуп ҳәа иҳаԥхьаӡоит", — иҳәеит иара.
Аибашьра амҩаԥгашьақәа рҽырыԥсахит, убарҭқәа ҳаргьы ҳазыҟаҵазароуп ҳәа иҳәеит Аԥсны ахада Бадра Гәынба.
Аҳәынҭқарра ашәарҭадара азҵаарақәа ирхадоуп ҳәа иԥхьаӡоит Гәынба.
Афымцалашарала аиқәыршәара
Аԥсны аҳәынҭқарра аҿаԥхьа иқәгылоу азҵаарақәа реиҳа иуадаҩу — фымцалашарала аиқәыршәароуп ҳәа иԥхьаӡоит атәыла ахада Бадра Гәынба.
Ҭагалан-аӡынтәи аамҭазы алашара еиԥҟьарада аиура ҳалҳаршеит ҳәа азгәеиҭеит иара.
"Урыстәыла шықәсык аҩнуҵҟа ҭагалан-аӡынтәи аамҭазы 2,5-3 миллиард мааҭ рыхә афымцамч ҳанаҭоит, уаҵәы уи ацхыраара ҟамлар иҳамоу ауадаҩрақәа кыр иҳаракхоит", — иҳәеит Гәынба.
Хәажәкырамза нҵәаанӡа Урыстәыла Аԥсны афымцалашара ианаҭалоит, уи ареспублика урыстәылатәи аенергосистема иазархынҳәуеит ЕгрГЕС амчхарақәа иахәҭоу аҩаӡарақәа рҟынӡа ианынаӡалак.
Аԥсны ирылаҳәоу Ақыҭа Ашықәс аҳәаақәа ирҭагӡаны — ҳқыҭақәа рыҿиаразы системала ахаҵгылара заҳҭаша ахырхарҭақәа ҭаҳҵаауеит ҳәа иҳәеит атәыла ахада Бадра Гәынба.
"Сгәы иаанагоит ақыҭақәеи араионқәеи рхадацәа атәыла анапхгара аҟынтәи ирыду азҵаара ҭырҵаап ҳәа. Урҭ алкаақәа ҟарҵароуп, нас еилкаахоит мҩас ҳазныло, иарбан цхыраароу ирыҭатәу ҳқыҭақәа, насгьы ҳқыҭақәа ршьапы рықәыргыларазы иаҭаху ахарџь", — иҳәеит ахада.
Ҳҳәынҭқарра аиқәырхара азҵаара анаҳҳәо хадара злоу усуп — ҳқыҭақәа реиқәырхара ҳәа азгәеиҭеит иара.