Аԥсныҟа аԥхынтәи атурқәа рҿаҵаразы азыҳәақәа урыстәылаа рыбжьара иазҳаит ҵыԥхтәи ашықәс иаҿырԥшны.
19:25 12.03.2026 (ирҿыцуп: 19:26 12.03.2026)
Анапаҵаҩра
Аԥсныҟа аԥхынтәи атурқәа рҿаҵаразы азыҳәақәа урыстәылаа рыбжьара иазҳаит ҵыԥхтәи ашықәс иаҿырԥшны.
"Ашықәсҿыцазтәи аԥсшьарамшқәа рышьҭахь аԥхын аҭаххара традициала иеизҳауеит. Ҵыԥхтәи ашықәс азы иреиӷьу арбагақәа аадырԥшуеит Ҟрым, Анапа, Аԥсны акурортқәа", — ҳәа аанацҳауеит атуроператор "Алеан".
Амаҵзура аԥхьаӡарақәа рыла аизҳара 10% ыҟоуп. Уи иҳаракым ахәԥсақәеи асистема "зегьы арбоп" змоу асасааирҭақәа Аԥсны рцәырҵреи ирыбзоуроуп.