Аграждантә форум "Аиҿцәажәара. Аиқәшәара. Аҿиара": иалкаау
14:56 12.03.2026 (ирҿыцуп: 15:17 12.03.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ауаажәларратә палата еиҿнакааз Аграждантә форум алахәылацәа 2036 шықәсанӡа адемографиатә ҿиараз Амилаҭтә программа аус адулареи ашьақәырӷәӷәареи мҩаԥгазарц ажәалагалақәа ҟарҵеит.
Аихшьаалатә резолиуциа даԥхьеит Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩ Гәыли Кьычԥҳа. Апрограмма иалагалатәуп ҳәа иԥхьаӡоуп:
Аус адуланы ишьақәырӷәӷәатәуп 2036 шықәсанӡа аҿҳәара змоу адемографиатә ҿиара Амилаҭтә программа, уахь иаҵанаклоит анаҩстәи апроектқәа: "Хҩык ахшара змоу аҭаацәара", "Ахшара рацәа змоу аҭаацәарақәа нхарҭала реиқәыршәара", "Аԥсны аҭаацәара қәыԥш". Апроект иахәҭакуп зинҷыдала анхарҭа аахәаразы алшара.
Атәылауаа рықәратә категориақәа зегьы зҵазкуа есышықәсатәи адиспансеризациа амҩаԥгара азгәазҭо аҳәынҭқарратә программа "Агәабзиарахьчара аҿиара".
Адемографиатә дыррақәа реилкааразы ауааҧсыра зегьы ашәҟәы рҭагалара мҩаҧганы, аирақәа, аҧсрақәа, амиграциатә процессқәа рыстатистикатә ҳасаббара асистема еиӷьтәтәуп.
Гал, Очамчыра, Тҟәарчал араионқәа рҿы инхо, милаҭла иаҧсуоу, аҳәаанырцәтәи атәылауаҩра змоу ауааҧсыра рзы азакәанҧҵара аԥсахрақәа алагаланы, "аԥсуа" ҳәа рмилаҭи уаанӡа иныҟәыргоз аҧсуа жәлеи реиҭашьақәыргылара азин рыҭатәуп.
Анаркотикатә маҭәашьарқәа здызкыло рзы автономтә реабилитациатә центр аԥҵареи амҩангара (асоциалтә патронаж) алагалареи.
Анаркотикатә маҭәашьарқәа здызкыло ргәабзиаратә ҭагылазаашьа аиҭашьақәыргылареи уи ашьҭахь асоциум разырхынҳәреи иацхраауа аилазаара аусбарҭабжьаратә ҩаӡарала адгылара аҭара.
Аԥсны Ауаажәларратә палата имҩаԥнагаз Аграждантә форум аихшьаалақәа рыла, арепатриациазы аамҭакьаҿлатәи абжьараамҭалатәи Аҳәынҭқарратә программақәа аус рыдулара рыдыргалеит.
Адокумент иазгәанаҭоит:
Аҧсни, анҭыҵ иҟоу уи адиаспореи рекономика-инвестициатә лшарақәа тҵаатәуп, арепатриантцәа, адиаспора ахаҭарнакцәа арепатриациа апроцесс азы ирымоу аҧышәеи агәаанагарақәеи еилкаатәуп.
Адиаспора ахаҭарнакрақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рыла уажәы иахьынхо аҭыҧ аҿы еиҧш, Аҧсныҟа ианиаслак ашьҭахьгьы арепотриантцәа рыбжьара аинформациатә усура мҩаҧгатәуп. Абызшәа арҵара акурсқәа рзаҧҵатәуп, иахьынӡауа усурҭала еиқәыршәатәуп.
Аколлективтә нхарҭа аҟынтәи азанааҭтә ԥышәеи, аматериалтә лшарақәеи, арепатриантцәа рҭаацәарақәа реилазаареи ҳасаб рзуны анхарҭақәа роураан хазхаҭала ахырхарҭа змоу ацхыраарахь аиасразы аҭагылазаашьақәа рзы анхарҭақәеи адгьыл ҭыԥқәеи ррезервтә фонд аԥҵара.
Арепатриантцәа ахатәтәратә зинқәа роура анрылшо аҿҳәара аҳәаақәҵара.
Арепатриациеи адемографиеи рзы Аминистрра аԥҵара, аминистр Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ изинмчхарақәа иҭаны.
Арепатриантцәа рзы атәылауаҩшәҟәы аиуреи атәылауаҩшәҟәы аԥсахреи рырмариара, арепатриантцәа хаҵеи-ԥҳәыси рхәыҷқәеи рзы атәылауаҩра аиура апроцедура армариара.
Адиаспореи ҳареи еиҳа ҳаимадарақәа рырӷәӷәаразы Ҭырқәтәылатәи Ареспубликеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара ишиашоу апассаџьыртә мшынтә еимадара аиҿкаара алыршара аҭҵаара.
Адемографиеи арепатриациеи рыпроблемақәа рзы есышықәсатәи Аԥснызегьтәи афорум ашьаҭаркра – амчреи, абизнеси, АИХ-қәеи, ауаажәларра реицәажәареи азы иааиԥмырҟьаӡакәа аус зуа ҭыԥк аҳасаб ала.
Аԥсны Ауаажәларратә палата имҩаԥнагаз Аграждантә форум аихшьаалақәа рыла, ажәалагала ҟанаҵеит ашколқәа рҿы агроклассқәеи амҩақәҵаратә системақәеи аԥҵазарц. Аихшьаалатә резолиуциа авторцәа ргәаанагарала, ақыҭанхамҩатә занааҭқәа зманы ақыҭахь аусуразы ихынҳәуа аушьҭымҭацәа рзы иазҧхьагәаҭатәуп 100-нызықь мааҭ иҟоу агранттә цхыраара.
Ақыҭақәа рҿы еиҭамҵуа амал ахатәра азин азҵаарақәа рҭыҧ ақәҵара аҧшьгатәуп, имҩаҧгатәуп адгьылтә фонд асистемаркра, фактла ауаа ирымоу адгьылқәа шәҟәыла реиқәыршәара, анхамҩатә шәҟәқәа ринвентаризациа. Ари аус иалнаршоит аелектронтә база аҧҵара, анаҩс Иаку аҳәынҭқарратә шәҟәынҵа аиқәыршәара.
Абиуџьетркра асистема рҿыцтәуп, ақыҭатә ҩаӡара закәанла иаҭатәуп ахатәы хашәалатә хыҵхырҭақәеи (ашәахтә лагалақәа рыхәҭак) аныхратә зинмчқәеи. Убри аан иақәнагоуп ҳәа иҳаҧхьаӡоит иаку аҧхьаӡа асистемахь аиасра, ақыҭақәа рыҿиара иадҳәалоу азҵаарақәа рыӡбараан аҧарақәа ахыҵуеит иаку аҧхьаӡа, ардыргала. Даҽа ганкахьала ари аҩыза аӡбамҭа абзоурала аҳәынҭқарра иалшоит зҵакы дуу аныхтә операциақәа ирласны рыӡбара.
Арезолиуциа авторцәа абжьгара ҟарҵоит — ауааԥсыра рпроектқәа аԥарарзоужьрази ақыҭаҿы аԥшьгаратә биуџьетҟаҵара апрактикеи алагалазарц. Апрограмма "Ақыҭа ашықәс" иазоужьхо аԥарақәа ракәзар, аҭыԥантәи ауааԥсыра иалырхуа аԥышәаратә проектқәа ирзырхатәуп.
Уи адагьы, абарҭ амеханизмқәа рԥышәареи иаку астратегиа аус адулареи рзы ақыҭатә депутатцәа рзеиԥш еизара мҩаԥгатәуп.
Аԥсны аиҳабыра реиҿкаараҿы Жәлар Реизара-Апарламент азинмчхарақәа ырҭбаатәуп аполитика-зинтә системеи аҳәынҭнапхгара асистемеи реиӷьтәразы ҳәа аҳәоит Аԥсны Ауаажәларратә палата аихшьаалатә резолиуциаҿы.
Уи аетапқәа ируакхоит ҳаамҭазтәи аҭахрақәа ирықәшәо, апартиарацәара аҿиара алзыршо "Аполитикатә партиақәа рзы" азакәан аус адулареи адкылареи.
Иара убасгьы, адокумент авторцәа ргәаанагарала, иахьазы аус зуа Апарламент ааԥхьара иаԥшьнагароуп аизышәара-мажоритартә алхратә системахь аиасра.
Гәыли Кьычԥҳа лықәгылараҿы иазгәалҭеит Ауаажәларратә палата иарбоу ажәалагалақәа рынагӡара иазку аусура активла аҽалархәра ишазыхиоу.
Арезолиуциа Аԥсны ахадеи Апарламенти ирзышьҭуп.

