Иаадыртраны иҟоу Александр Чачба-Шервашиӡе иҩны-амузеи аколлекциа аекспонат ҿыц аиуит
09:23 13.03.2026 (ирҿыцуп: 12:23 13.03.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
/ Анапаҵаҩра
Александр Чачба-Шервашиӡе - раԥхьатәи аԥсуа ҟазаратә сахьаҭыхҩы, 2024 шықәса алагамҭазы Амилаҭтә сахьаҭыхратә галереиа аҵәахырҭаҿы иҟалаз абылраан, иусумҭақәа 200 рҟынӡа иалаблит.
АҞӘА, хәажәкыра 13 — Sputnik. Иаадыртраны иҟоу Александр Чачба-Шервашиӡе иҩны-амузеи аколлекциа аекспонат ҿыц аиуит.
Чачба-Шервашиӡе ихьӡ зху акультуратә гәыҳалалратә фонд ахантәаҩы Виачеслав Чрыгба аукцион аҿы иааихәеит карандашьла иҭихыз асахьаҭыхҩы, атеатртә усзуҩы Александр ипатреҭ.
Апортреҭ 1906 шықәсазы иҭыхуп, аҵаҟа еиқәхеит анапаҵаҩреи арыцхәи. Ари Чачба-Шервашиӡе еицырдыруа иусумҭоуп, уи алитографиа ажурнал "Ахьтәы уасцәа" аҿы икьыԥхьын. Ахаҭа хаҭалатәи аколекциаҿы иҟан.

"Аукцион аҿы ари апортреҭ азы аицлабра ӷәӷәан. Ус ишыҟоугьы, гәахәарыла ишәасҳәоит ҳара аиааира шҳагаз, уажәы аԥсуа сахьаҭыхҩы иусумҭа ҷыда иаартхо Аҩны-амузеи аколекциа иахәҭакхоит", — ҳәа иҩит Чрыгба.
Асахьа аахәараҿы адгылара ҟарҵеит аԥснытәи амеценатцәа. Виачеслав Чрыгба агәыӷра шимоу азгәеиҭеит атәыла анаԥхгара аҩны-амузеи аԥҵара адгылара шарҭо азы.
2024 шықәса алагамҭазы Амилаҭтә сахьаҭыхратә галереиа аҵәахырҭаҿы иҟалаз абылраан, раԥхьатәи аԥсуа ҟазаратә сахьаҭыхҩы Александр Чачба-Шервашиӡе иусумҭақәа 200 рҟынӡа иалаблит.
2024 шықәса алагамҭазы Амилаҭтә сахьаҭыхратә галереиа аҵәахырҭаҿы иҟалаз абылраан, раԥхьатәи аԥсуа ҟазаратә сахьаҭыхҩы Александр Чачба-Шервашиӡе иусумҭақәа 200 рҟынӡа иалаблит.