Аҟәаҟа Санкт-Петербургнтәи атроллеибусқәа ааргеит
13:36 13.03.2026 (ирҿыцуп: 17:15 13.03.2026)

© Screenshot
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 13 — Sputnik. Аҟәаҟа иааргеит Санкт-Петербургнтәи атроллеибусқәа.
Иааидкыланы Урыстәыла аҩадатәи аҳҭнықалақь Аҟәа жәа-троллеибуск ҳамҭас ианаҭеит. Аҟәа ахада Ҭемыр Агрба иажәақәа рыла, ари даара иаҭахны иҟаз транспортуп, уи азымхара иахҟьаны аус зуа амаршрутқәа рхыԥхьаӡара ԥкын.
"Ари даара узеигәырӷьаша ҳамҭоуп ҳақалақьи уи иаланзо ауааԥсыреи рзы. Дара акыршықәса ас еиԥш иҟоу атранспорт рҭахны иҟан", — ҳәа азгәеиҭеит Агрба.

Санкт-Петербург агубернатор ихаҭыԥуаҩ Кирилл Полиаков иазгәеиҭеит Аҟәа аҩнуҵҟа амаршруттә еимадарақәа реиқәыршәаразы асеиԥш ацхыраара аҭахны ишыҟаз.
"Сара сгәыӷуеит ақалақьуаа ауаажәларратә транспорт еиҳа ахархәара арҭап, амҩадуқәа рҿы амашьынақәа еиҳа имаҷхап, насгьы ақалақь аекологиа еиҳа еиӷьхап ҳәа", — иҳәеит иара.
Аҟәа атроллеибустә парк адиректор Аслан Алан атранспорт атехникатә ҭагылазаашьа бзиоуп ҳәа азгәеиҭеит. Атроллеибусқәа лаҟәуп, згәабзиаратә лшара ԥкуи ахәыҷқәа рымҩангараз акәырҷыжьқәа ныҟәызго аҭаацәеи рзы иманшәалоуп.
Атроллеибусқәа рыхәҭак Санкт-Петербургнтәи Аҟәаҟа иааргахьеит. Дара бжьарҵеит уаанӡатәи амҩахырхарҭалеи ҿыц Алашарбага-Ҭҳәыбын ахырхарҭалеи.