Гагра авидеорбагақәа иреихсуаз иганахь ала ашьаус аӡбарҭахь инашьҭуп
14:57 13.03.2026 (ирҿыцуп: 17:06 13.03.2026)

© Sputnik / Владимир Федоренко
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 13 — Sputnik. Гагра авидеорбагақәа иреихсуаз амбжьах иганахь ала ашьаус аӡбарҭахь инашьҭуп ҳәа аанацҳауеит Апрокуратура хада.
Ацәгьоура ҟалеит Мамзышьха аԥшырҭатә ҭыԥ аҿы ҵыԥх, нанҳәа 28 асааҭ 05:25 рзеиԥш.
Роман Беиеи Ҭемыр Мшьалиеи аилахәыра "Система" адәахьтәи авидеорбагақәа иреихсуан ишьақәыргылам абџьархк ала.
Беиа дырбаандаҩуп, уи иганахь ала аус хацыркуп: ахәҭаҷқәа "Амбжьахреи" "Цасҳәа амазара ақәхреи аԥхасҭахареи" рыла. Мшьалиа иԥшаара иаҿуп ҳәа азгәарҭеит аусбарҭаҿы.