https://sputnik-abkhazia.infohttps://t.me/sputnik_apsny_info/16124
Бадра Гәынба Санкт-Петербургтәи аделегациа рԥылараан аусеицура азҵаарақәа дрылацәажәеит
Бадра Гәынба Санкт-Петербургтәи аделегациа рԥылараан аусеицура азҵаарақәа дрылацәажәеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, хәажәкыра 13 — Sputnik. Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба Санкт-Петербургтәи аделегациа рԥылараан аусеицура азҵаарақәа дрылацәажәеит.Атәыла ахада инаҵшьны... 13.03.2026, Sputnik Аҧсны
2026-03-13T15:43+0300
2026-03-13T15:43+0300
2026-03-13T17:04+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/02/0f/1061075670_0:0:1280:721_1920x0_80_0_0_c1ffbebac794bf239957a01fb0fc302c.jpg
АҞӘА, хәажәкыра 13 — Sputnik. Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба Санкт-Петербургтәи аделегациа рԥылараан аусеицура азҵаарақәа дрылацәажәеит.Атәыла ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит, Урыстәыла арегионқәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа рыҿиара Аԥсназы ихадоу аҵакы шамоу.Гәынба иазгәеиҭеит, ҵыԥх Санкт-Петербурги Аԥсни реиҳабырақәа рыбжьара аиқәшаҳаҭра апроект ишалацәажәаз, ареспублика аганахьала аиқәшаҳаҭратә процессқәа зегьы шхыркәшоу.Аҳәынҭқарра ахада иҳәеит Аҟәеи Петербурги рыбжьара иҟоу ишиашоу аҳаиреимадара аҵак ду шамоу. Ари аопциа рхы иадырхәеит 9-нызқьҩык апассаџьырцәа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/02/0f/1061075670_37:0:1189:864_1920x0_80_0_0_d3fe17cf5f1397bfc6b7829ab3c53b3c.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Бадра Гәынба Санкт-Петербургтәи аделегациа рԥылараан аусеицура азҵаарақәа дрылацәажәеит
15:43 13.03.2026 (ирҿыцуп: 17:04 13.03.2026) АҞӘА, хәажәкыра 13 — Sputnik. Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба Санкт-Петербургтәи аделегациа рԥылараан аусеицура азҵаарақәа дрылацәажәеит.
Атәыла ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит, Урыстәыла арегионқәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа рыҿиара Аԥсназы ихадоу аҵакы шамоу.
"Ахәаахәҭра-економикатә еимадарақәеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи Санкт-Петербурги реизыҟазаашьақәеи ҳрылацәажәозар, арҭ аизыҟазаашьақәа рҳәаа иҭагӡаны иҭышәынтәалоу адинамика бзиа азгәаҳҭар ҳалшоит", — ҳәа иҳәеит иара.
Гәынба иазгәеиҭеит, ҵыԥх Санкт-Петербурги Аԥсни реиҳабырақәа рыбжьара аиқәшаҳаҭра апроект ишалацәажәаз, ареспублика аганахьала аиқәшаҳаҭратә процессқәа зегьы шхыркәшоу.
Аҳәынҭқарра ахада иҳәеит Аҟәеи Петербурги рыбжьара иҟоу ишиашоу аҳаиреимадара аҵак ду шамоу. Ари аопциа рхы иадырхәеит 9-нызқьҩык апассаџьырцәа.