00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
30 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа 2025 шықәсазтәи аусура аихшьаалақәа ҟанаҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАкадемия наук Абхазии.
Академия наук Абхазии. - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.03.2026
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 13 — Sputnik. Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа 2025 шықәсазтәи аусура аихшьаалақәа ҟанаҵеит.
Академиа академик-маӡаныҟәгаҩ Валентин Коӷониа ажәахә хада ҟаҵо дазааҭгылеит, 2025 шықәсазы академиа аҵарауаа авторцәеи ацавторцәеи раҳасабала 80 инареиҳаны аҭҵаарадырратә усумҭақәа шҭрыжьыз.
Аԥснытәи аҵарауаа русура Урыстәыла, Италиа, Ҭырқәтәыла, Венгриа, Китаи иҟоу рколлегацәеи дареи ирыбжьоу аимадара иацхраауеит. Иҳаҩсыз ашықәсаз Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахаҭарнакцәа 60 тәыла инареиҳаны амилаҭтәии адунеизегьтәии аҭҵаарадырратә форумқәеи аҭҵаар-практикатәи конференциақәа, асимпозиумқәеи, асторл гьежьқәеи, асеминарқәа рхы рыладырхәит. Арҭ аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуан Аԥсны еиԥш, уи анҭыҵгьы.
Иара убас, Коӷониа Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу аинститутқәа русура алҵшәақәа дрылацәажәеит.
Аԥсуаҭҵааратә институт ихнаркәшеит аҭоурыхи, афилологиеи, аетнографиеи рзы ихадоу 20 тема рыла аусура.
Иҳаҩсыз ашықәс азы ақыҭанхамҩаҿы ақәҿиарақәа ҟаҵан, раԥхьаӡа акәны Ақыҭанхамҩа аминистрра аԥышәатә станциаҿы ирааӡеит атропикатә ҵиаақәа: абанан, авокадо, аманго, апапаиа.
Амедицина ахырхарҭалагьы аусқәа мҩаԥган. Аексперименталтә патологиеи атерапиеи рҭҵааратә институт COVID-19 амаркерқәа рзы аҭҵаарақәа хыркәшахеит, аапкраз алаҵа қәҿиарала аԥышәарақәа мҩаԥысит. Уажәазы ​​аексперименталтә патологиеи атерапиеи рҭҵааратә институт аҿы ақәранҵыра ду атемала аусурақәа цоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0