"Аԥсны амедиа ҿыцқәа" аԥшьбатәи ахыркәшаратә модуль хацыркхеит иахьа Москва
11:09 16.03.2026 (ирҿыцуп: 13:14 16.03.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
/ Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 16 — Sputnik. "Аԥсны амедиа ҿыцқәа" аԥшьбатәи ахыркәшаратә модуль хацыркхеит иахьа Москва.
Аҵарадырратә программа еиҿнакааит Аԥсны ахада Иусбарҭа Урыстәылатәи "Амедиа ҿыцқәа" апрограмма ашьаҭала.
Раԥхьатәи ҩ-модульк имҩаԥысит Пицунда ақалақь аҿы 2025 шықәса жьҭаарамзеи абҵарамзеи рзы, ахԥатәи — Москва.
Апроект иалахәуп 50-ҩык амедиаспециалистцәа, аблогерцәа, АИХ-қәа рхаҭарнакцәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Sputnik Аԥсны аусзуҩцәагьы.
Аҵыхәтәантәи амодуль аҿы уи алахәылацәа рмедиапроектқәа аекспертцәа рҿаԥхьа ирыхьчоит.