Гәдоуҭатәи амузеи аҿы Марттәи ажәылара иазку ацәыргақәҵа аатит
12:41 16.03.2026 (ирҿыцуп: 13:13 16.03.2026)

© Sputnik
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 16 — Sputnik. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Гәдоуҭатәи амузеи аҿы Марттәи ажәылара иазку ацәыргақәҵа "Зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз Афырхацәа" аатит.
Ацәыргақәҵаҿы иаарԥшуп аоперациаҿы иҭахаз аруаа 222-а рфотосахьақәа.
Афырхацәа рҭоурыхқәа аринахысгьы рыҭҵаара хымԥадатәиуп, урҭ ҳхаҳмыршҭыроуп ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит амузеи адиректор Гәыгәыца Џьыкырԥҳа.
Ацәыргақәҵа хәажәкырамза нҵәаанӡа иаартызаауеит.
Марттәи ажәылара — 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых аҟны зегь реиҳа ишьаарҵәырахаз даҟьахеит. 1993 шықәса хәажәкырамзазы Аҟәа агаразы ажәылараан иҭахеит 222-а аԥсуа аруаа, 23-ҩык хабарда ибжьаӡит.