Аԥснытәи абоксиор Георги Битиев абокс азы аҿар Рчемпионат аҿы аџьаз медал ианашьахеит.
10:09 17.03.2026 (ирҿыцуп: 10:49 17.03.2026)

© Foto
/ Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 17 — Sputnik. Аԥснытәи абоксиор Георги Битиев абокс азы аҿар Рчемпионат аҿы аџьаз медал ианашьахеит.
19 шықәса иреиҳам аспортсменцәа рыбжьара World Boxing Futures Cup Бангкок ихыркәшахеит хәажәкыра 16 рзы. Уи рхы аладырхәит 89 тәыла рҟнытә 500-ҩык инареиҳаны абоксиорцәа.
17 шықәса зхыҵуа Битиев 75 кьыла рҟынӡа зыкапан ыҟоу рыбжьара Зеландиа Ҿыц ахьӡала дықәгылоит. Иара Окленд иҟоу аклуб The Foundry Boxing Gym аҟны иҽазыҟаиҵоит, еицырдыруа новозеландиатәи абоксиор Чад Милнс инапхгарала ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит Битиев иан Асҭанда Ахԥҳа.
Абоксиор имҩа хациркит 2012 шықәсазы, азыҟаҵаҩ Беслан Аршба инапхгарала Аҟәатәи ахәыҷ-қәыԥштә спорттә школ аҟны.
Битиев – абокс азы Зеландиа Ҿыц Амилаҭтә команда далахәылоуп. Уи иеихьӡарақәа иреиуоуп Зеландиа Ҿыц абокс абзиабаҩцәа рыхраҿа, абокс азы Зеландиа Ҿыц ачемпионат араӡны медал, Окленд акырынтә ачемпионс дҟалахьеит.