Иԥсҭазаара далҵит амаланыҟәазы СССР аспорт азҟаза Виктор Абрагимов
10:30 17.03.2026 (ирҿыцуп: 12:43 17.03.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
/ Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 17 — Sputnik. Иԥсҭазаара далҵит амаланыҟәазы СССР аспорт азҟаза Виктор Абрагимов. Абри атәы Sputnik иазеиҭанаҳәеит Аҳәынҭспортеилакы.
Виктор Абрагимов диит 1938 шықәсазы Донецк, 1947 шықәсазы иҭаацәа иманы Аҟәаҟа нхара диасит.
Амаланыҟәатә спорт аҽазыҟаҵара далагеит 1958 шықәсазы, шықәсык ашьҭахь Аԥснытәи АССР аҿар ркоманда дахырԥхьаӡалеит. 1963 шықәсазы СССР аспорт азҟазас дҟалоит.
Абрагимов Қырҭтәылатәи ССР ачемпионат аҿы араӡны медал даԥсахеит, Қырҭтәылатәи азанааҭеидгыла Аспартакиада аҿы аџьаз медал игеит, еизгоу акоманда далахәын Аидгылазегьтәи амаланыҟәатә спорт еицлабрақәа дрылахәын. Иара иазыҟаҵарала Аԥсны Қырҭтәылатәи ССР аспартакиада аҿы ҩынтә аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит.