Аԥсны атәылауаа Урыстәыла ацхыраагӡақәа зауаз аарԥхьоит иҷыдоу акомиссиа иадҵааларц
12:41 17.03.2026 (ирҿыцуп: 13:11 17.03.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 17 — Sputnik. Бадра Гәынба Урыстәыла атәылауаҩра змоу, Урыстәыла ахәыҷтәы цхыраагӡақәеи ан лмали зауаз Аԥсны атәылауаа ҷыдала иаԥҵоу акомиссиа иадҵаалаларц азы ааԥхьара ҟаиҵеит азинтә цхыраара рыҭаразы.
Ари азҵаара иалацәажәан атәыла ахада Москва аҵыхәтәантәи иҟазаараан, Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои сареи ҳаиԥыларақәа раан ҳәа азгәеиҭеит Гәынба.
Ари азҵаара иалацәажәан атәыла ахада Москва аҵыхәтәантәи иҟазаараан, Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои сареи ҳаиԥыларақәа раан ҳәа азгәеиҭеит Гәынба.
"Ҳара ари азҵаара аӡбаразы амеханизмқәа рыԥшаара ҳашьҭаларц еибаҳҳәеит, даара сақәгәыӷуеит ари даара иуадаҩу апроблема аӡбаразы аформақәа рыԥшаара ҳалшап ҳәа", — иҳәеит иара амедиа-проект "Ҳара" аинтервиу аҭо.
Атәыла ахада иара убасгьы иҳәеит Урыстәыла закәаншьаҭада ан лмал зауз Урыстәыла атәылауаҩра змоу Аԥсны атәылауаа ашаҳаҭцәа ркатегориала ихацырку аусқәа рҿы ишықәгылало.
Уи алыршахеит азинхьчаратә усбарҭақәа рҟынтәи урыстәылатәи ҳколлегацәа рыцхыраара иабзоураны иҳәеит иара.
Гәынба иара убасгьы иазгәеиҭеи,т ирыдыркыло адгыларатә уснагӡатәқәа зегьы уаанӡа ацхыраагӡақәа зауаз шракәу изызку. Аринахыс закәаншьаҭада аԥаратә цхыраагӡақәеи ан лмали роура зҽазызшәо рыцхраара залыршахом.