"Аԥсны амедиа ҿыцқәа" алахәылацәа иахьа рмедиапроектқәа рыхьчоит аексперттә хеилак рҿаԥхьа
13:50 19.03.2026 (ирҿыцуп: 14:25 19.03.2026)

© Sputnik
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 19 — Sputnik. Апрограмма "Аԥсны амедиа ҿыцқәа" алахәылацәа иахьа рмедиапроектқәа рыхьчоит аексперттә хеилак рҿаԥхьа.
Апроектқәа ӡырыргоит 14 команда. Апрограмма аиҿкааҩ Иулиа Аблец уаанӡа ишылҳәахьаз ала, апроектқәа реиҳарак зызку Аԥсны акультуреи, аҭҵаарадырреи, аҭоурыхи, ауааи роуп, иара убасгьы иҟоуп амедиакоммуникациақәа рыҿиара атема.
Аӡбаҩцәа реилазаара иалоуп Sputnik Аԥсны анапхгаҩы Руслан Бганба, "Аԥснымедиа" адиректор хада Роберт Џьопуа, амедиа аусхк аҟны урыстәылатәи аҟазауаа. Акомиссиа ахантәаҩы — Аԥсны ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Алхас Ҷолокәуа.
"Аԥсны амедиа ҿыцқәа" аԥшьбатәи ахыркәшаратә модуль аатит Москва хәажәкыра 16 рзы. Апроект иалахәуп 50-ҩык амедиаспециалистцәа, аблогерцәа, Аԥсны АИХ-қәа рхаҭарнакцәа, Sputnik Аԥсны аусзуҩцәагьы уахь иналаҵаны.