Гәынба апрограмма "Аԥсны амедиа ҿыцқәа" аиҿкааҩцәеи аҟазацәеи аҳаҭыртә шәҟәқәа рзынаишьҭит
15:11 19.03.2026 (ирҿыцуп: 15:43 19.03.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 19 — Sputnik. Аԥсны ахада Бадра Гәынба апрограмма "Аԥсны амедиа ҿыцқәа" аиҿкааҩцәеи аҟазацәеи Ернест Мацкиавичиуси, Александр Куприианови, Андреи Писареви, Владимир Табаки, Светлана Королиовеи, Иулиа Аблеци, Михаил Канавцеви, Сергеи Леваненкови рыхьӡала аҳаҭыртә шәҟәқәа наишьҭит.
Ашәҟәқәа ранеишьеит Аԥсны ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Алхас Ҷолокәуа.
Аҵарадырратә программа еиҿнакааит Аԥсны ахада Иусбарҭа Урыстәылатәи "Амедиа ҿыцқәа" апрограмма ашьаҭала.
Раԥхьатәи ҩ-модульк имҩаԥысит Пицунда ақалақь аҿы 2025 шықәса жьҭаарамзеи абҵарамзеи рзы, ахԥатәи — Москва.
Апрограмма "Аԥсны амедиа ҿыцқәа" алахәылацәа иахьа рмедиапроектқәа рыхьчоит аексперттә хеилак рҿаԥхьа.
Апроект иалахәуп 50-ҩык амедиаспециалистцәа, аблогерцәа, АИХ-қәа рхаҭарнакцәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Sputnik Аԥсны аусзуҩцәагьы.