https://sputnik-abkhazia.info/20260320/1061756102.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ, Аҟәатәи амшынԥшаҳәа аиҭашьақәыргыларазы иаԥҵоу аоперштаб ахантәаҩы Беслан Бигәаа аргыларатә усурақәа шцо агәаҭаразы даҭааит.Аҳҭнықалақь... 20.03.2026, Sputnik Аҧсны
2026-03-20T13:30+0300
2026-03-20T13:30+0300
2026-03-20T13:41+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/03/14/1061755936_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_0bfb061708163d70d86f21897a4a4c80.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ, Аҟәатәи амшынԥшаҳәа аиҭашьақәыргыларазы иаԥҵоу аоперштаб ахантәаҩы Беслан Бигәаа аргыларатә усурақәа шцо агәаҭаразы даҭааит.Аҳҭнықалақь ахада Ҭемыр Агрба археологиатә жрақәа ахьымҩаԥсыуа аԥшаҳәа ахәҭаҟны аусурақәа рхыркәшаразы аҟазауаа даҽа мызкы аҟара шырҭаххо атәы изеиҭаиҳәеит Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.Иҳәеит археологиатә ԥшаахақәа реиқәырхаразы аԥшаҳәа аҭоурыхтә хәҭа аиҭашьақәыргаларазы аконцепциа шыԥсаххо, иааиуа амчыбжь иалагӡаны ахәаԥшразы атәыла ахада иахь еиуеиԥшым авариантқәа шынашьҭхо, уи ашьҭахь Ақалақьргыларатә хеилак аҟны иалацәажәоит.
2025 шықәсазы Аԥсны абиуџьет ахь иалагалан аҳазалхратә шәарақәа 4,5 млрд мааҭ, абри атәы иҳәеит ареспублика Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Оҭар Хьециа, аколлегиа аҳасабырбатә еилатәараҿы данықәгылоз.Хьециа иажәақәа рыла, ҵыԥх аҳазалхратә усбарҭақәа рҟынтәи ареспубликатә биуџьет ахь 8,5 млн мааҭ инареиҳаны административтә хараԥсақәа нашьҭын, уи 60% рыла еиҳауп 2024 шықәсазы аасҭа.
2025 шықәсазы иназыцҵоу ахәԥсазы ашәахтә аҟынтәи ахыԥхьаӡаларақәа 2,6 млрд мааҭ рҟынӡа инаӡеит иҳәеит АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ҲАЗАЛХРАТӘ ЕИЛАКЫ ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Ҭемыр Дгебиа.Егьырҭ аҳазалхратә шәарақәа реилазаашьа абас иҟоуп:▫️Атауар аимпорт аҟынтәи аҳазалхратә баџь — 1,6 млрд мааҭ.▫️Атауар аекспорт аҟынтәи аҳазалхратә баџь — 21,6 млн мааҭ.▫️Атауарқәа римпорт аҟынтәи аҳазалхратә еизгара — 528 млн мааҭ.▫️Атауарқәа рекспорт аҟынтәи аҳазалхратә еизгара — 57,5 млн мааҭ.▫️Акцизтә шәахтә-288 млн мааҭ.▫️Акцизтә маркақәа рыҭаразы аизгара -34,8 млн мааҭ. ▫️Егьырҭ ашәарақәа-19,4 млн мааҭ.
Амедицинатә проектқәа рынагӡаразы Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра аҟазауаа Аԥсныҟа раашьҭра аиҿкаара азҵаара иалацәажәеит Москва.Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба урыстәылатәи иколлегацәеи иареи аусуратә еиԥыларақәа мҩаԥыргеит.Ҩ-министррак руснагӡатәқәа еицырзеиԥшу аплан амҩатә хсаала иалацәажәеит. Аиԥылара иалахәын Едуард Быҭәба, аинфраструктуратә проект ҷыдақәа рынагӡаразы адепартамент аиҳабы Иван Амбражук, уи ихаҭыԥуаҩ Ельмира Вергазова.
Москвеи Аҟәеи рыбжьара иааиԥмырҟьаӡакәа ареисқәа хацдыркуеит мшаԥы 3 инаркны.Аԥыррақәа еицымҩаԥыргалоит авиаеилахәырақәа Nordwind-и "Икар-и" аҳаирплан Embraer 190 ала.Ареисқәа мчыбжьык ахь хәынтә рҟынӡа русура азгәаҭоуп, лаҵара 25 инаркны Москвеи Аҟәеи рыбжьара ареисқәа рхыԥхьаӡара мчыбжьык ахь бжьынтә еиҳахоит, иара убас иԥырлоит афиузелиаж ҭбаа змоу Boeing 777-300 ҳәа азгәарҭеит авиаеилахәыраҿы.
Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ, Аҟәатәи амшынԥшаҳәа аиҭашьақәыргыларазы иаԥҵоу аоперштаб ахантәаҩы Беслан Бигәаа аргыларатә усурақәа шцо агәаҭаразы даҭааит.Аҳҭнықалақь ахада Ҭемыр Агрба археологиатә жрақәа ахьымҩаԥсыуа аԥшаҳәа ахәҭаҟны аусурақәа рхыркәшаразы аҟазауаа даҽа мызкы аҟара шырҭаххо атәы изеиҭаиҳәеит Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.Иҳәеит археологиатә ԥшаахақәа реиқәырхаразы аԥшаҳәа аҭоурыхтә хәҭа аиҭашьақәыргаларазы аконцепциа шыԥсаххо, иааиуа амчыбжь иалагӡаны ахәаԥшразы атәыла ахада иахь еиуеиԥшым авариантқәа шынашьҭхо, уи ашьҭахь Ақалақьргыларатә хеилак аҟны иалацәажәоит.2025 шықәсазы Аԥсны абиуџьет ахь иалагалан аҳазалхратә шәарақәа 4,5 млрд мааҭ, абри атәы иҳәеит ареспублика Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Оҭар Хьециа, аколлегиа аҳасабырбатә еилатәараҿы данықәгылоз.Хьециа иажәақәа рыла, ҵыԥх аҳазалхратә усбарҭақәа рҟынтәи ареспубликатә биуџьет ахь 8,5 млн мааҭ инареиҳаны административтә хараԥсақәа нашьҭын, уи 60% рыла еиҳауп 2024 шықәсазы аасҭа.2025 шықәсазы иназыцҵоу ахәԥсазы ашәахтә аҟынтәи ахыԥхьаӡаларақәа 2,6 млрд мааҭ рҟынӡа инаӡеит иҳәеит АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ҲАЗАЛХРАТӘ ЕИЛАКЫ ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Ҭемыр Дгебиа.Егьырҭ аҳазалхратә шәарақәа реилазаашьа абас иҟоуп:▫️Атауар аимпорт аҟынтәи аҳазалхратә баџь — 1,6 млрд мааҭ.▫️Атауар аекспорт аҟынтәи аҳазалхратә баџь — 21,6 млн мааҭ.▫️Атауарқәа римпорт аҟынтәи аҳазалхратә еизгара — 528 млн мааҭ.▫️Атауарқәа рекспорт аҟынтәи аҳазалхратә еизгара — 57,5 млн мааҭ.▫️Акцизтә шәахтә-288 млн мааҭ.▫️Акцизтә маркақәа рыҭаразы аизгара -34,8 млн мааҭ. ▫️Егьырҭ ашәарақәа-19,4 млн мааҭ.Амедицинатә проектқәа рынагӡаразы Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра аҟазауаа Аԥсныҟа раашьҭра аиҿкаара азҵаара иалацәажәеит Москва.Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба урыстәылатәи иколлегацәеи иареи аусуратә еиԥыларақәа мҩаԥыргеит.Ҩ-министррак руснагӡатәқәа еицырзеиԥшу аплан амҩатә хсаала иалацәажәеит. Аиԥылара иалахәын Едуард Быҭәба, аинфраструктуратә проект ҷыдақәа рынагӡаразы адепартамент аиҳабы Иван Амбражук, уи ихаҭыԥуаҩ Ельмира Вергазова.Москвеи Аҟәеи рыбжьара иааиԥмырҟьаӡакәа ареисқәа хацдыркуеит мшаԥы 3 инаркны.Аԥыррақәа еицымҩаԥыргалоит авиаеилахәырақәа Nordwind-и "Икар-и" аҳаирплан Embraer 190 ала.Ареисқәа мчыбжьык ахь хәынтә рҟынӡа русура азгәаҭоуп, лаҵара 25 инаркны Москвеи Аҟәеи рыбжьара ареисқәа рхыԥхьаӡара мчыбжьык ахь бжьынтә еиҳахоит, иара убас иԥырлоит афиузелиаж ҭбаа змоу Boeing 777-300 ҳәа азгәарҭеит авиаеилахәыраҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/03/14/1061755936_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_9b72f4674395e77f01ce4952c1fdca5d.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио