Аграждантә форум "Аицәажәара. Ақәшаҳаҭра. Аҿиара" арезолиуциа азы ажәалагалақәа ҟаҵахоит
16:54 20.03.2026 (ирҿыцуп: 17:14 20.03.2026)

CC0 / /
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 20 — Sputnik. Бадра Гәынба Аԥсны аԥыза-министр инапы ианиҵеит Аграждантә форум "Аицәажәара. Ақәшаҳаҭра. Аҿиара" арезолиуциа азы ажәалагалақәа ҟаиҵарц.
Лаҵарамза 7 2026 шықәсанӡа Владимир Делба аусшәҟәы аҿы иарбоу Аԥсны Аминистрцәа реилазаара иаҵанакуа азҵаарақәа рыла абжьгарақәа рынагӡаразы ажәалагалақәа аҳәынҭқарра ахада идигалароуп.
Ауснагӡатә ахықәкы хада — аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи ауаажәларреи рыбжьара аиамадара ашьақәыргылара, абри атәы азгәанаҭоит атәыла ахада ипресс-маҵзура.