https://sputnik-abkhazia.info/20260322/1061797778.html
Аҟәатәи аԥшаҳәа ахәҭак аҿы ахаҳәҟьаԥс ақәгара иалагеит
Аҟәатәи аԥшаҳәа ахәҭак аҿы ахаҳәҟьаԥс ақәгара иалагеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, хәажәкыра 22 — Sputnik. Аҟәатәи аԥшаҳәа ахәҭак аҿы ахаҳәҟьаԥс ақәгара иалагеит ҳәа аанацҳауеит ақалақь ахадара. 22.03.2026, Sputnik Аҧсны
2026-03-22T11:05+0300
2026-03-22T11:05+0300
2026-03-22T12:44+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
аҟәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/01/1b/1060648941_0:100:1920:1180_1920x0_80_0_0_2674564cfc6b70bbce9ee42a952f33bd.jpg
АҞӘА, хәажәкыра 22 — Sputnik. Аҟәатәи аԥшаҳәа ахәҭак аҿы ахаҳәҟьаԥс ақәгара иалагеит ҳәа аанацҳауеит ақалақь ахадара.Алашарбага аҳабла абжьаларҭа инаркны "Аҵыс иеҵәа" аҟынӡа Ҭаҭарсҭан иадуп. Иара аура 220 метра ыҟоуп. Анардадкылаҩ ахаҭарнак Адис Геворкиан иажәақәа рыла, акьырхаҳәҟьаԥсқәа ԥымҽкәа иамхны ауасҭарҭахь идәықәырҵоит. Уаҟа урҭ аус рыдуланы аҭыԥахь иаарышьҭуеит. Аиҭашьақәыргыларазы 900 хаҳә аҭахуп.Иара иазгәеиҭеит, аргылаҩцәа аԥшаҳәа аҭоурыхтә хаҿра еицамккәан аус шыруа. Аҟәа амшын аԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара иалагеит 2025 шықәсазы. Уи азы афинанстә цхыраара ҟарҵоит Ҭаҭарсҭан, Башкортостан, Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза, Урыстәыла аус зуа аԥснытәи анаплакҩцәа.
https://sputnik-abkhazia.info/20260317/1061701690.html
аҟәа
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/01/1b/1060648941_107:0:1814:1280_1920x0_80_0_0_216d9fe146adb26fd14013bec1baa218.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, аҟәа
Аҟәатәи аԥшаҳәа ахәҭак аҿы ахаҳәҟьаԥс ақәгара иалагеит
11:05 22.03.2026 (ирҿыцуп: 12:44 22.03.2026) АҞӘА, хәажәкыра 22 — Sputnik. Аҟәатәи аԥшаҳәа ахәҭак аҿы ахаҳәҟьаԥс ақәгара иалагеит ҳәа аанацҳауеит ақалақь ахадара.
Алашарбага аҳабла абжьаларҭа инаркны "Аҵыс иеҵәа" аҟынӡа Ҭаҭарсҭан иадуп. Иара аура 220 метра ыҟоуп.
Анардадкылаҩ ахаҭарнак Адис Геворкиан иажәақәа рыла, акьырхаҳәҟьаԥсқәа ԥымҽкәа иамхны ауасҭарҭахь идәықәырҵоит. Уаҟа урҭ аус рыдуланы аҭыԥахь иаарышьҭуеит. Аиҭашьақәыргыларазы 900 хаҳә аҭахуп.
Иара иазгәеиҭеит, аргылаҩцәа аԥшаҳәа аҭоурыхтә хаҿра еицамккәан аус шыруа.
Аҟәа амшын аԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара иалагеит 2025 шықәсазы. Уи азы афинанстә цхыраара ҟарҵоит Ҭаҭарсҭан, Башкортостан, Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза, Урыстәыла аус зуа аԥснытәи анаплакҩцәа.