Аԥснытәи аспортсмен акарате кекусинкаи азы Урыстәыла аԥхьахә агаразы ахьтәы медал игеит
15:06 22.03.2026 (ирҿыцуп: 16:35 22.03.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
/ Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 22 — Sputnik. Аԥснытәи аспортсмен Самед Бабаев акарате кекусинкаи азы Урыстәыла аԥхьахә агаразы ахьтәы медал игеит ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭспортеилакы.
Иара 14-15 шықәса зхыҵуа рыбжьара дықәгылеит Ростов-Донтәи ахьӡ ала.
Бабаев ԥшь-еиқәԥарак дыхәмарит, рызегь рҿы аиааира игеит. Аӡбаҩцәа аицлабра аҿы иреиӷьу ақәԥаҩ ҳәа далыркааит.
Аицлабрақәа мҩаԥысуан Москва хәажәкыра 20-22 рзы , уи иалахәын рхы аладырхәит Урыстәыла арегионқәа 47 рҟынтәи 820-ҩык аспортсменцәа.