Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы археологиатә жрақәа актәи ахәҭа хыркәшоуп
21:48 22.03.2026 (ирҿыцуп: 00:44 23.03.2026)

© Foto / "Апсны Абааш"
Анапаҵаҩра
Аҟәа аԥшаҳәаҿы иҟоу римтәи ԥшь-баагәарак рцәынхақәа ԥшаахеит мҽхакыҭбаалатәи аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирыбзоураны.
АҞӘА, хәажәкыра 22 — Sputnik. Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы археологиатә жрақәа актәи ахәҭа хыркәшоуп ҳәа адырра ҟаиҵеит аекспедициа аиҳабы Алик Габелиа.
"Ари ахәҭаҿы илҵшәа хаданы иҟалеит архитектуратә комплекс еидызкыло х-баашк рҟынтәи ак аҳәаақәа инагӡаны раартра. Уи абзоурала, Аҟәатәи абааш аҩнуҵҟа иҟоу абаашқәа ртәы еиҳа ииашоу асахьа аԥҵара ҳалшоит", — ҳәа аанацҳауеит асоциалтә еимадарақәа.
Ажрақәа раан еиуеиԥшым аамҭақәа ирыҵанакуа, ажәытәӡатәи аамҭа инаркны XIX -тәи ашәышықәса аҟынӡа иҟаз артефактқәа рацәаны ирыԥшааит. Урҭ рахьынтә иҟоуп уаанӡа абаа аҩнуҵаҟа ирԥыхьамшәацыз ада здаҟам.
Амаҭәарқәа зегьы иҭҵааны ахьӡқәа рыҭаны иԥхьаркуеит, анаҩс актәи ахәҭа аҵыхәтәантәи аихшьаалақәа ҟаҵахоит.
"Ҳара гәык-ԥсык ала ҭабуп ҳәа раҳҳәоит аекспедициа алахәылацәа, аспециалистцәа, ахатәгәаԥхаҩцәа, ҳпартниорцәа зегьы, аҭоурыхтә ҭынха ахьчараҿы рлагала ду азы", — ҳәа азгәаҭоуп атекст аҿы.
Анаҩстәи ахәҭазы ажрақәа анымҩаԥгахо ԥыҭрак ашьҭахь ирылаҳәахоит.