Аицлабра "Аҟәа ажәҩанаҿ амҵәыжәҩақәа: аиҩызара ацҳа" алхратә тур хыркәшахеит
10:14 27.03.2026 (ирҿыцуп: 11:01 27.03.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 27 — Sputnik. Ахәыҷтәы сахьаҭыхратә еицлабра "Аҟәа ажәҩанаҿ амҵәыжәҩақәа: аиҩызара ацҳа" ҳәа хьӡыс измоу алхратә тур хыркәшахеит.
Аиҿкааратә еилакы авиациеи, Аԥсны аԥшӡареи, ажәларқәа реиҩызареи ирызку аусумҭақәа хыԥхьаӡарала рацәала иаднакылеит ҳәа аанацҳауеит аҳаирбаӷәаза апресс-маҵзура.
Ажиури иалахәын аҳаирбаӷәаза ахаҭарнакцәа, апрофессионалтә сахьаҭыхыҩцәа, арҵаҩцәа, аусмҩаԥгатә апартниорцәа. Иалкаау асахьақәа мшаԥымза 2 рзы аҳаирбаӷәаза атерминал аҿы иаартхо аӡыргара иахәҭакны иҟалоит. Иара убри амш аҽны афиналистцәа аҳамҭақәа ранашьахоит.