Аԥсны ахада Аԥсуа театр иқәнаргылаз аспектакль "Аҳәынҭқар ҟьантаз" аԥхьарбара даҭааит
21:30 27.03.2026 (ирҿыцуп: 10:54 28.03.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 27 — Sputnik. Аԥсны ахада Бадра Гәынбеи иԥшәмаԥҳәыс Ирма Ҳашыгԥҳаи Аԥсуа драматә театр иқәнаргылаз аспектакль "Аҳәынҭқар ҟьантаз" аԥхьарбара иаҭааит.
Иахьа атәыла ахада инапы аҵеиҩит ари аспектакль ықәзыргылаз Аахыҵ Уаԥстәылатәи арежиссиор Ҭамерлан Ӡудцов "Аԥсны зҽаԥсазтәыз аҟазара аусзуҩ" ҳәа ахьӡ ихҵаразы аусԥҟа.
Иара убас Самсон Ҷанба ихьӡ зху аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр актиорцәа Адгәыр Џьниеи, Рауль Ақаҩбеи, Алхас Шамбеи "Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз артист" ҳәа ахьӡқәа рыхҵоуп.