Аԥснытәи аспортсменцәа Москва имҩаԥысуаз абокс азы аицлабраҿы аԥхьахә ҭыԥқәа ааныркылеит
09:00 30.03.2026 (ирҿыцуп: 10:34 30.03.2026)

© Depositphotos.com / Sergey Nivens
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 30 — Sputnik. Аԥснытәи аспортсменцәа Москва имҩаԥысуаз абокс азы Урыстәылазегьтәи аицлабраҿы аԥхьахә ҭыԥқәа ааныркылеит ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭспортеилакы.
Диана Мелкониан ахьтәы медал ланашьахеит 48 кьыла рҟынӡа зыкапан ыҟоу рыбжьара. Беата Арышԥҳа 57 кьыла зыкапан ыҟоу рыбжьара аџьаз ланашьахеит.
Аицлабрақәа мҩаԥысуан Урыстәыла зҽаԥсазтәыз аспорт азҟаза, 2012 шықәсазы Олимпиатә хәмаррақәа рҟны аиааира згаз, ҩынтә адунеи иачемпионхаз, хынтә Европа ачемпион Софиа Очигава лыхьӡала аҳамҭақәа ранашьаразы.
Диана Мелкониан — Аԥсны аспорт азҟаза, Урыстәыла аспорт азҟаза акандидат, Давид Аҩӡба иҿы лҽазыҟалҵоит. Беата Арыԥҳа Аԥсны аспорт азҟаза, Урыстәыла аспорт азҟаза акандидат. Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ Альберт Кардиоӷлы иҿы лҽазыҟалҵоит.