Испаниантәи аветеринарцәа аԥстәқәа дырҟәеит Гагра араион аҟны
12:10 31.03.2026 (ирҿыцуп: 13:24 31.03.2026)

© Sputnik / Бадри Есиава
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 31 — Sputnik. Испаниантәи аветеринарцәа 482 ԥстәы дырҟәеит Гагра араион имҩаԥысуаз хәыда-ԥсадатәи акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны.
“Акциа ҩынтәуп имҩаԥысуеижьҭеи. Иԥҟан 298 цгәи 184 леи. Инықәырԥшшәа иҳамоу арбақәа рыла, рира аԥырҟәҟәаауп 1040 ласбеи 1190 цгәи", — абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит аԥстәқәа рыцхрааразы афонд "Багиреи" алақәа аамҭалатәи рбарҭа "Топеи" рнапхгаҩы Саида Оҭырԥҳа.
Лара лажәақәа рыла, ас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа Аԥсны рымҩаԥгара хымԥадатәиуп. Оҭырԥҳа агәыӷра аалырԥшит аҳәынҭқарра ахарџь ала амҩаԥгара алыршахап ҳәа, избанзар, атәылауаа рӷьырак рзы аԥстәқәа рҟәара иахьагьы харџьла ирзышьҭыхӡом.
"Аԥсны араионқәа рҟынтәи иҳадҵаалоз рхыԥхьаӡара ахьырацәаз иахҟьаны, аусуратә мшқәа сааҭқәак ацаҳҵон. Аҳақьымцәа хәылбыҽханӡа аус руан, акциа даҽазныкгьы имҩаԥаҳгоит — ҳаԥсы анаҳшьалакгьы", — ҳәа еиҭалҳәеит лара.
Акциа мҩаԥган Бриџьит Бардо л-Фонди, анемец фонд "Де Шульци", Гагра араион Еизара адепутат Баҭал Берзениеи реицхыраарала.