https://sputnik-abkhazia.info/20260402/1062038531.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Алан Гаглоев Аԥсныҟа дааит.Иара убасгьы аделегациа аилазаараҿы иҟоуп аиҳабыра рлахәылацәа, ахада Иусбарҭа ахаҭарнакцәа, Аахыҵ... 02.04.2026, Sputnik Аҧсны
2026-04-02T13:30+0300
2026-04-02T13:30+0300
2026-04-02T13:41+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/04/02/1062038365_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_05e8048923bad0316169c784bfac7dd1.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Алан Гаглоев Аԥсныҟа дааит.Иара убасгьы аделегациа аилазаараҿы иҟоуп аиҳабыра рлахәылацәа, ахада Иусбарҭа ахаҭарнакцәа, Аахыҵ Уаԥстәылатәи Апарламент адепутатцәа, дара жәларбжьаратәи аекономикатә форум "Аԥсны — ԥхьаҟатәи аинвестициақәа" иалахәхоит.Аҳәааҿы асасцәа ирԥылеит Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба зхадараҿы дыҟоу адепутатцәа.Афорум мҩаԥысуеит мшаԥы 3-4 рзы, уи иазку аусмҩаԥгатәқәа иахьа ирылагараны иҟоуп. Апрограмма иара убасгьы иаҵанакуеит Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ахырхарҭа хадақәа ирызку астол гьежьқәа фба.
Аекотуризм зегь рыла Аԥсны азы иҳәынҭқарратә политиканы иҟалар алшон лҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз абиологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Казантәи афедералтә университет апрофессор Нафиса Мингазова."Аԥсны атуристтә усура аиҿкааразы зеиӷьыҟам тәылоуп. Ихазыноуп. Сара сшахәаԥшуала – аекотуризм иатәылазароуп ", — ҳәа азгәалҭеит лара.Мингазова Аԥсны аԥсабара – амшын аԥшаҳәа, ашьхарԥқәа, зқьыла аҳаԥқәа зыҩнуҵҟа иҭаҵәаху ашьхақәа, аиԥш зеиԥшу маҷуп ҳәа ахылҳәааит. Ас еиԥш ахкырацәареи аԥсабаратә беиареи аекологиатә туризм еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла арҿиара алдыршоит ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит апрофессор.
Аԥсны АҩАР хаҭалатә еилазаара жәларбжьаратәи аекономикатә форум амҩаԥгараан ирӷәӷәоу аусурахь ииагоуп.Абри азы адҵа ҭижьит аминистр Роберт Кьиут.Мшаԥы 2-4 рзы ауаажәларратә шәарҭадареи аиҿкаареи реиқәыршәара азҵаарақәа ирызкыз аилацәажәараҿы иазгәарҭеит аделегациақәа ахьаангыло аҭыԥқәеи, иара убас афорум ахьымҩаԥысуа аҭыԥқәеи рҿы азинеилагарақәа раԥырҟәҟәааразы ауснагӡатәқәа рырӷәӷәара ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Аԥсны хәажәкырамзазы аҳазалхратә шәарақәа 336 млн мааҭ инареиҳаны еизгоуп.Иазԥхьагәаҭаз ахашәалахәы 333,7 млн мааҭ ракәын ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы.Ашықәс актәи аԥшьбарак азы аҳазалхратә усбарҭақәа 817,2 млн мааҭ еизыргеит, иарбаз ауснагӡатә 94% рыла инагӡоуп.
Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 147 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.Адронқәа ҭархан Белгородтәи, Бриансктәи, Воронежтәи, Курсктәи, Смоленсктәи, Тулатәи, Калугатәи областқәеи, Краснодартәи атәылаҿацәи, Ҟрыми, Башкортосҭани, Адыгатәылеи, иара убас Амшын еиқәа инахыкни.
Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Алан Гаглоев Аԥсныҟа дааит.Иара убасгьы аделегациа аилазаараҿы иҟоуп аиҳабыра рлахәылацәа, ахада Иусбарҭа ахаҭарнакцәа, Аахыҵ Уаԥстәылатәи Апарламент адепутатцәа, дара жәларбжьаратәи аекономикатә форум "Аԥсны — ԥхьаҟатәи аинвестициақәа" иалахәхоит.Аҳәааҿы асасцәа ирԥылеит Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба зхадараҿы дыҟоу адепутатцәа.Афорум мҩаԥысуеит мшаԥы 3-4 рзы, уи иазку аусмҩаԥгатәқәа иахьа ирылагараны иҟоуп. Апрограмма иара убасгьы иаҵанакуеит Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ахырхарҭа хадақәа ирызку астол гьежьқәа фба.Аекотуризм зегь рыла Аԥсны азы иҳәынҭқарратә политиканы иҟалар алшон лҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз абиологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Казантәи афедералтә университет апрофессор Нафиса Мингазова."Аԥсны атуристтә усура аиҿкааразы зеиӷьыҟам тәылоуп. Ихазыноуп. Сара сшахәаԥшуала – аекотуризм иатәылазароуп ", — ҳәа азгәалҭеит лара.Мингазова Аԥсны аԥсабара – амшын аԥшаҳәа, ашьхарԥқәа, зқьыла аҳаԥқәа зыҩнуҵҟа иҭаҵәаху ашьхақәа, аиԥш зеиԥшу маҷуп ҳәа ахылҳәааит. Ас еиԥш ахкырацәареи аԥсабаратә беиареи аекологиатә туризм еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла арҿиара алдыршоит ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит апрофессор.Аԥсны АҩАР хаҭалатә еилазаара жәларбжьаратәи аекономикатә форум амҩаԥгараан ирӷәӷәоу аусурахь ииагоуп.Абри азы адҵа ҭижьит аминистр Роберт Кьиут.Мшаԥы 2-4 рзы ауаажәларратә шәарҭадареи аиҿкаареи реиқәыршәара азҵаарақәа ирызкыз аилацәажәараҿы иазгәарҭеит аделегациақәа ахьаангыло аҭыԥқәеи, иара убас афорум ахьымҩаԥысуа аҭыԥқәеи рҿы азинеилагарақәа раԥырҟәҟәааразы ауснагӡатәқәа рырӷәӷәара ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.Аԥсны хәажәкырамзазы аҳазалхратә шәарақәа 336 млн мааҭ инареиҳаны еизгоуп.Иазԥхьагәаҭаз ахашәалахәы 333,7 млн мааҭ ракәын ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы.Ашықәс актәи аԥшьбарак азы аҳазалхратә усбарҭақәа 817,2 млн мааҭ еизыргеит, иарбаз ауснагӡатә 94% рыла инагӡоуп.Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 147 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.Адронқәа ҭархан Белгородтәи, Бриансктәи, Воронежтәи, Курсктәи, Смоленсктәи, Тулатәи, Калугатәи областқәеи, Краснодартәи атәылаҿацәи, Ҟрыми, Башкортосҭани, Адыгатәылеи, иара убас Амшын еиқәа инахыкни.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/04/02/1062038365_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_02af5f817e8839efec08c3eb921034bd.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио